Аџьшьаратә шәҟәы

Херсонтәи аобласт арра-тәылауаҩратә хадараҿы Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа Рминистрра аоперативтә гәыԥ анапхгаҩы, аинрал-маиор Андреи Павленко аџьшьаратә шәҟәы изааишьҭит Аԥсны аҭагыла­­заашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа, – иаанац­ҳауеит Аԥсны аҭагыла­заашьа ҷыдақәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Ашәҟәы аҟны ҭабуп ҳәа рарҳәеит иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭазы Херсонтәи аобласт ауааԥсыра рыхьӡала агуманитартә еидара анагаразы Аԥсны аԥсеи­қәырхаратә усҳәарҭа аусзуҩцәа .

Ишдыру аиԥш, 2022 шықәса декабр азы Аԥснытәи аԥсеи­қәырхаҩцәа Донецки Лугански, иара убас Херсонтәи Запоро­жиатәи аобластқәеи руааԥсыра ирызнаргеит 100 тоннак раҟара агума­нитартә еидара. Ари аус еиҿкаан Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me