Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб инеиҵыху аҳасабрба ҟаиҵеит 2022 шықәсазы Аҳәынҭқарратә биуџьет ианагӡашьоуи Аиҳабыра имҩаԥыргаз аусуреи ирызкны.
Аҳәынҭқарра Ахада дырзыӡырҩит Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба, Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, аҵара аминистр Инал Габлиа, акультура аминистр Даур Ақаҩба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, аиустициа аминистр Анри Барцыц, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба русура иазкны иҟарҵаз аҳасабрбақәа.
Аминистрцәа иара убас аҳәынҭқарра Ахада изҵаарақәа рҭак ҟарҵеит.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны аҵак ҷыда змоу аобиектқәа реиҭашьақәыргылара шаҭаху.
«Аус аҿынанахеит, ааи, ашьшьыҳәа, аха аҿынанахеит. 40 шықәса раахыс игылаз, аус зымуаз Гәдоуҭа араион аҟны аобиект ду иахьа аинвесторцәа ирыбзоураны аус ауеит. Убас еиԥш иҟаз обиектын жәашықәсала аус зымуаз Очамчыра араион аҟынгьы. Ҳазну ашықәс ииун азы уигьы ахархәарахь ирыҭахоит. Мҽхакы ҭбаала аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит МВО-и РВСН-и ԥасатәи рырратә санаториақәа рҟны. Аԥхынразы, август 1 азынӡа, ахархәарахь ирыҭахоит 4+ акатегориа иаҵанакуа 300 номер инареиҳаны. Ари аусурҭатә ҭыԥ ҿыцқәа цәырнагоит, абиуџьет ахь алагалақәа неиуеит, 2023 шықәса нҵәаанӡа аинвестор игәы иҭоуп абарҭ адгьылҵакырақәа рҟны зқьы номер раҟара реиҿкаара, амшынҿықә арҽеира, Басла аӡиас ацҳа ахҵара. Абри ауп шәареи ҳареи иҳалшаз, аха иҳалымшазгьы еиҳауп. Урҭ иреиуоуп аресторан «Амра», асасааирҭа «Аԥсны». Дцәырҵит егьырҭ ирбгоу асасааирҭақәа еиҭашьақәзыргылауа аинвестор. Аха аинвесторцәа ирыцхраалатәуп, избанзар ҳарҭ зегьы абасала мацара ҳхы неидкыланы иҳалшоит еиӷьу аганахьала аҭагылазаашьа аԥсахра», – иҳәеит Ахада.
Уи иара убас иҳәеит Аԥсны абизнес-хеидкылақәа алархәны асол гьежь амҩаԥгара, иааидкыланы атәыла аекономика арҿиара азҵаарақәа реиԥш, хазы игоу апроблемақәагьы рылацәажәара игәы ишҭоу.
Аилацәажәара еихшьалауа, аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит: «Ҳара иахьа ажәакгьы ҳамҳәеит аекономикеи, атуризми, ақыҭанхамҩеи, атранспорти рырҿиаразы, ҳатранзиттә лшарақәа рызгьы. Сызлахәаԥшуала, ари азҵаара ашьҭыхра аамҭа ааит».
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Ареспубликахь аинвестициақәа ралархәразы, урҭ зинла реиқәыршәаразы аусура арӷәӷәара шаҭаху.
«Ҳтәылауаа ирҭахуп уаҵәы, уаҵәашьҭахь акәымкәа, иахьа иҭышәынтәаланы анхара-анҵыра. Аамҭа ааит. Ҳазну аҭоурых аамҭа ҷыдараны иалоу убри ауп, ҳазну ашықәс азы Урыстәылантәи ахатәы инвестициақәа ралархәразы алшарақәа макьаназы иҟоуп», – иҳәеит Бжьаниа.
Уи иажәақәа рыла, Украина арратә операциа ҷыда ахыркәшара иаҭахнатәуеит зхы иақәиҭыртәыз адгьылҵакырақәа реиҭашьақәыргылара, уахь амалдуқәа рдәықәҵара.
«Урыстәылатәи аҳәынҭқарра, ҳәарас иаҭахузеи, уахь аинвесторцәа дәықәнаҵоит, иаҳа иманшәалоу аҭагылазаашьақәагьы рыԥшаауеит. Абри аҟнытә, иахьа ҳхы иаҳархәароуп иҟоу алшарақәа», – иҳәеит Бжьаниа.
Иахьа инҭкааны изламцәажәаз азҵаарақәа рхыԥхьаӡара иалеиҵеит атуристтә аамҭа аҿҳәара ацҵара, атуристцәа рҭыԥ ахьылырхуа аобиектқәа рҟны аиарҭа-ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара азырҳара, ахыбра ҿыцқәа рыргылара, аусурҭатә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара аиҳатәра уҳәа егьырҭгьы.
«Аминистррақәа рнапхгаҩцәа раҳасабрбақәа рыла уаҩы ибоит имҩаԥгаз аусура. Аха ари иаанагаӡом аминистррақәеи аусҳәарҭақәеи рҟны апроблемақәа ыҟаӡам ҳәа. Ҳәарас иаҭахузеи, иҟоуп. Еиԥыларак иалагӡаны абарҭқәа зегьы рылацәажәара ҳалымшеит. Атенденциақәа цәгьам, урҭ рҿиалатәуп. Ҳазну ашықәс азы аусқәаҵәҟьа рахь ҳкылсроуп», – иазгәеиҭеит Ахада.
Шәача иадкыланы Аԥсны алшарақәа еиҿырԥшуа, Аслан Бжьаниа иҳәеит: «Аԥсны адгьылҵакыра 9 нызқь километр ԥшьыркца инаӡоит, Шәача – 3700 километр ԥшьыркца. 10 шықәса рыҩнуҵҟала уажәы Шәача шаҟаҩы аднакылауа асасцәа ҳҭаауа иаҳзыҟаҵар, ҳбиуџьет хәынтә рыла иазҳауеит, иара ҳбиуџьет ахатәы хашәалақәа ракәзаргьы, даара акырӡа ишьҭыҵуеит».