Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Хәыда-ԥсада ирхәышәтәуеит

Аԥсныпресс. Агәабзиа­рахьчара аминстр Едуард Быҭәба аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит Аҟәатәи аинфекциатә хәышә­тәырҭаҿы, – иаанацҳауеит Аԥсны агәабзиа­рахьчара Аминистрра апресс-маҵзура. Уи рхы аладырхәит Аҟәа ахадара агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуба, ахәышә­тәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәыниа, аминистр ицхырааҩ Роланд Гамисониа. Гәыниа иажәақәа рыла, уажәы азы амедицинатә усҳәарҭаҿы рҽыр­хәы­шәтәуеит 38-ҩык.

«Аҵыхәтәантәи ҩымз рыҩнуҵҟала ҳҳақьымцәа аџьабаа ӷәӷәа рыман, мышкы ахәышәтәырҭахь идҵаалауан 200-ҩык рҟынӡа. Аҟәа ахадареи агәаб­зиа­рахьчара Аминистрреи иҟарҵо адгылара иабзоураны ачымазаҩцәа хәыда-ԥсада ирхәышәтәуеит», – иазгәеиҭеит Гәыниа. Уи иҳәеит аҳҭны-қалақь анапхгара рыцхыраарала ааигәа ишырҽеиз ашьҭаҵарҭақәа, аӡышьҭрақәа актәи аҩбатәи аихагы­лақәа рҟны, иара убас ахәыҷқәа рыҟәша ахәыҟаҵарҭа иагу-иабзоу ҟаҵан.

Аилацәажәара ашьҭахь Едуард Быҭәба ачымазаҩцәа дырҭааит, интересс иман урҭ ргәабзиара зеиԥшоу.

«Ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп амедицинатә усзуҩцәа зегьы, ачымазаҩцәа абас рзыҟазаашьа бзиа исымбацызт. Ирҭаху ахәшәқәа зегьы рырҭоит, гьамала акрыр­ҿарҵоит, даара ибзианы ирызнеиуеит», – лҳәеит ачымазаҩцәа руаӡәк.

Едуард Быҭәба иара убас алабораториа аусура гәеиҭеит.

Асҭамыр Гәыниа иҳәеит мышкы аспециалистцәа 40 рҟынӡа аҭҵаарақәа шымҩаԥыргауа. Иара убас иазгәеиҭеит ааигәа ишаахәаз ҳаамҭазтәи ашьақәгыла ҿыц. Агәабзиа­рахьчара Аминистрра ахада агәра диргеит иаарылшауа зегьы шыҟар­ҵауа азҵаарақәа рыӡбараҿы.

Агәабзиа­рахьчара Аминистрра хшыҩ­зышьҭра ҷыда азыҟанаҵоит атәыла  аҳәынҭ­қарратә усҳәарҭақәа зегьы иааиԥ­мырҟьаӡакәа фымцала реиқәыршәара. Иахьа ахәышәтәтәырҭа еибыҭоуп адизельтә генера­торқәа рыла. Едуард Быҭәбагьы убарҭ русушьа гәеиҭеит. Урҭ руак аусура иаҟәыҵит, аха иаарласны идыр­ҽеираны иҟоуп, СУЕС иабзоураны алашара ԥымкрада ирымоуп.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me