Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны Ахада дидикылеит

Аԥсны жәлар рпоет Мушьни лашәриа 85 шықәса ихыҵра амш азы Аԥсны Ахада дидикылеит.

«Шәиубилеи шәыдны­ҳәалауа агәабзиареи аихьӡарақәеи шәзеиӷьасшьоит. Шәара абаҩхатәра злоу поетуп, шәҟәыҩҩуп. Еиҭажә­гахьеит адунеи аҟны еицырдыруа арҿиамҭақәа. Шәџьабаа ахәшьара бзиа амоуп, Аԥсны еиԥш, Урыстәы­лангьы. Даҽа жәашықәсақәак шәҳацзароуп», - иҳәеит Аԥсны Ахада.

«Аслан Гьаргь-иԥа, иахьа сашәхьыдышәкылаз сара мацара сакәымкәа ҳарҿиаратә интеллигенциа, ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳҟазара амаҵ азызуа зегьы ирыҵанакуеит. Ари ала иаҳшәырбоит ҳазҿу аганахьала зегьы шәзеиԥшны шәшыҟам. Сара сырҿиара акәзар, уи сара мацара исыбзоурам, уи рыбзоуроуп ҳара ҳазлааӡоу, ҳлитература ауасхыр азышь­ҭазҵаз, изырҿиаз ашәҟәыҩҩцәа хатәрақәа. Сара сазгәдууп сахьаԥсуоу, ажәытәӡатәи аҭоурых змоу ажәлар сахьыр­­хылҵшьҭроу, аибашьра иаиааиз ажәлар сахьырԥоу», – иҳәеит М. Лашәриа ахәҭа­кахьала.

Аԥсны Ахадеи жәлар рпоети азааҭгылеит иара убас ԥхьаҟатәи аусмҩаԥгатәқәа.

Аҵыхәтәан Аԥсны Ахада  аиубилиар агәалашәаратә ҳамҭа инапаҿы ииҭеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me