Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ашықәс Ҿыц аламҭалазы

Дызусҭазаалак ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа Ашықәс Ҿыц аламҭалазы аҳамҭақәа ирзыҧшуп.

Аха еиҳараӡак згәы хыҭ-хыҭуа ахәыҷқәа роуп. Ганкахьала угәы унархьуеит ахәыҷқәа – зсоциалтә ҭагылазаашьа ҧку, мамзаргьы ахәыҷы чымазцәа ахьыҟоу аҳамҭа анырмоуа. Ус еиҧш аҭагылазаашьа ахәыҷқәа ирмоурц азы, есымшагьы ацхыраара шыҟарҵалогьы, сынтәа агәыҳалалратә фондқәа «Кьарази» «Ашанеи» рҽеимаданы аҟазарҭатә платформа «Гәыма» аҟны иргылан Аҧсаӡ «Ашанаҵла» захьӡу. Уаҟа икнаҳан Аҵаа Бабаду иахь еиуеиҧшым асалам шәҟәқәа. Уи ала ргәазыҳәарақәа аадырҧшуан. Икнаҳаз апҟа ҧшқақәа рсахьа аҭаны аҩныҵҟа иагәылан ахәыҷқәа ргәазыҳәарақәа назыгӡоз асалам шәҟәқәа. Иара убас урҭ апҟа ҧшқақәа рҟны ианын «А» «К» зныз анбанқәа. Уи ала иудыруан иарбан фондқәоу изҵазкуа асалам шәҟәқәа.

Сынтәа «Ашанаҵлаҿы» икнаҳан 450 цыра асалам шәҟәқәа, урҭ рахьтә 70 салам шәҟәы агәыҳалалратә фонд «Ашана» иазкын. Уи «Ашанаҵла» иаҭааны апҟа ҧшқақәа ргар рылшоит азҿлымҳара змоу зегьы, анаҩс иҟарҵо аҳамҭа хыхь ишарбоу еиҧш, изҵазкуа афондқәа рахь иргоит.

Ари ахҭыс изаҩымсит ҳара ҳнапхгарагьы, ахәыҷқәа ргәазыҳәара анагӡаразы, «Аҧснымедиа» иҟанаҵаз адгыларала, урҭ русзуҩцәа агазеҭқәа «Аҧсны», «Республика Абхазия», «Аԥсныпресс», «Ашанаҵлаҿы» икнырхит апҟа ҧшқақәа зныз асалам шәҟәқәа.

Декабр 26 рзы аҟазарҭатә платформа «Гәыма»  аҟны ахәыҷқәа рзы зегь иреиҕьу аҳамҭақәа ҳәа иалкаахоит 20 цыра.


Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me