Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Амшцәгьа бааԥси Ашықәс ҿыци

Ашықәс ҿыц аламҭалазы аԥсабара даҽа «ҳамҭак» ҳзаанагеит. Амшцәгьақәеи аԥшасрақәеи ирыхҟьаны аҵлақәа каҳаит Аҟәа, Турбазеи Синопи ҳәа иахьашьҭоу. Ҵлак аҳҭны-қалақь агәҭаны анхарҭа ҩны иақәҳаит. Арҭ аусқәа знапы иану апроблема аԥырырхуеит.

Тҟәарчал араион аҿгьы аҵлақәа, афымца мҩанызго агәашьақәа ыҵыҩрит. Уи иахҟьаны араиони ақалақьи лашарада иаанхеит. Анхарҭа-коммуналтә нхамҩа аусзуҩцәеи аенергетикцәеи ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иаҿуп.

Гал араиони Аҟәа араиони аԥхасҭа ӷәӷәа ҳәа акгьы рмоуит.

Ҵлақәакгьы ыҵырҩит Гәылрыԥшь араион аҟны. Ахатәы ҩнқәа аԥхасҭа роуит ҳәа аинформациа ыҟам. Анхарҭа-коммуналтә нхамҩа аусзуҩцәа арыцқьаратә усурақәа ирҿуп.

Очамчыра араион аҟны џьара-џьара ҭыԥқәак рҿы аҵлақәа амҩаду ианаҳалеит. Араион Ахада Беслан Бигәаа излааицҳаз ала, ари ҟалеит Кындыӷ ақыҭан. Иара иажәақәа рыла, аусзуҩцәа амҩаду дрыцқьахьеит. Очамчыра хәбаны еихагылоу, ауада рацәа змоу аҩнқәа ҩба рхыб рыхнахит. Џьара-џьара ҭыԥқәак рҟны алашара ыҟам.

Гагра араион аҿгьы аҵлақәа каҳаит. «Анхамҩа ҷыда» аусзуҩцәа автомашьынақәа ныҟәалартә еиԥш амҩаду дрыцқьеит.

Гәдоуҭа араион ахада Баграт Боџьгәуа излеиҳәаз ала, аԥхасҭа роуит ақыҭақәа: Лыхны, Хыԥсҭа, Абӷархықә. Уаҟа ахатә ҩнқәа хнашәеит. Анхарҭа-коммуналтә нхамҩа аусзуҩцәеи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрреи ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра иаҿуп. Иара убас аԥхасҭа ахьынӡаҟоу аилкааразы аоперативтә штаб аԥҵоуп.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me