Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Гәында» аиубилеи азгәарҭеит

Сынтәа 45 шықәса ҵуеит аҭыԥҳацәа рансамбль «Гәында» аԥҵоижьҭеи. Ари ансамбль аԥхьа еиҿкаан Аҟәатәи аҵаралашаратә ҵараиурҭа аҟны Роза Чамагәуа-ԥҳа лнапхгарала. Раԥхьаӡа, уи  аҭыԥҳацәа рыдагьы иалахәын аҷкәынцәа: Оҭар Хәынҵариа, Оҭар Ферызба, Анри Ферызба, Нодар Кәарҷиа. Инарыгӡон аԥсуа жәлар рашәақәа.

Лассы-лассы афилармониаҿы қәҿиарала рықәгылара иабзоураны  еицгәарҭеит аҟазара аусзуҩцәеи, усҟан Аԥсны акультура аминистрс иҟаз Алықьса Аргәыни. Убри ашьҭахь афилармониаҿы амузыкатә ҟәша аиҳабыс иҟаз  Мамиа Берикашвилии Роза Чамагәуеи ирыдҵан аҭыԥҳацәа рансамбль алырхырц, ус иагьыҟалеит. 1977 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы иаԥҵан аҭыԥҳацәа  рансамбль «Ѓәында».

Зыжәлар рыбзиабара  ашәахәақәа зхьыршоу, есымшагьы изцу ашәаҳәацәа-аҭыԥҳацәа Аԥсны анҭыҵгьы ҳахьӡ-ҳаԥша шьҭырххьеит. 2013 шықәсазы Болгариа имҩаԥысуаз афольклортә коллективқәа рконкурс аҿы «Ахьтәы орфеи» ранашьан.

Сынтәа ансамбль «Гәында»  45 шықәса ахыҵра азгәаҭаразы Ражден Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥыргеит аныҳәатә концерт. Кәапеишәа иҭәыз азал аҿаԥхьа ҳҭыԥҳацәа аҽазныкгьы иаадырԥшуан рҟазара, угәы хнахуан урҭ рашәаҳәара.

Риубилеи рыдныҳәало, Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр иазгәалҭеит ансамбль «Гәында» анаԥырҵаз аахыс ирылдыршахьоу шырацәоу ҳкультура ашьҭыхраҿы, аԥсуа вокал, жәлар рышәаҳәаратә инструментқәа реиқәырхараҿы.

«Ансамбль «Гәында» иналукааша аҭыԥ ааннакылоит аԥсуа доуҳатә культураҟны. Аиубилеитә ныҳәа азгәаҭара хҭыс дууп ҳмилаҭ ҟазараҿы. 45 шықәса ирылагӡаны ансамбль аихьӡара бзиақәа аанарԥшит Аԥснеиԥш уи анҭыҵгьы. Ирылахәын еиуеиԥшым жәларбжьаратәи  афестивальқәа. Иахьа уажәраанӡа еиқәырханы иаажәгоит аԥсуа-цәа зыҟәну жәлар рашәақәа, урҭ ирыҵоу ахаара-бзаара ԥсра-ӡра ақәымкәан иаанхоит», –лҳәеит лара.

Аныҳәатә концерт иалахәыз гәахәарыла иазыӡырҩуан ансамбль «Гәында» инарыгӡоз ашәақәа, «Аԥсынразы ашәа», «Азамаҭ», «Аԥҳәызба ар рымаҭәа зшәу». Ари иҷыдоу ашәа анынарыгӡоз ахәаԥшцәа идырбан аибашьра иалагылан аиааира ҳзаазгаз ҳҭыԥҳацәа ирызку авидео-ҭыхымҭа. 

Ахәаԥшцәа дырлахҿыхуан иара убас аҵаралашаратә ҵараиурҭа астудентцәа рашәаҳәареи рыкәашареи рыла.

Аԥсны жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Роза Чамагәуа ахәаԥшцәа иҭабуп ҳәа раҳәо, иазгәалҭеит: «Арҿиара – ари ажәлар иртәуп,  ҳажәлар ркультура, рдунеихәаԥшышьа аныԥшуеит. Ҳара ҳхықәкы аԥхьаҟагьы – ҳахәаԥшцәа иҿыцу ашәақәа рыла  шәыргәырӷьара, еицаадыруа ҳашәа  ссирқәа реиқәырхара ауп. Иахьатәиала ҳара ҳансамбль еиднакылоит  15-ҩык аҭыԥҳацәа, урҭ рахьтә 6-ҩык Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ рхырҵахьеит, аԥхьаҟагьы ҳажәлар рыхьӡ аҭыгара иазхиоуп ҳансамбль. Ҳара ҳзы аҵак ду амоуп Аԥсны ақыҭақәеи ақалақьқәеи рышҟа ақәгыларақәа анымҩаԥаҳго. Еиҳараӡак ҳаиԥырҵра, ҳаужьра  рҭахӡам ақыҭаҿтәи ҳахәаԥшцәа, урҭ раҟара иразу азыӡырҩы дузыԥшаарым. Ашәа ахәра хәшәтәыгоуп. Сгәы  аналаҟамгьы сусуреи сколлективи рыла сгәалаҟазаара шьҭыҵуеит. Сара сгәы зыҳәо – жәлар рашәақәеи жәлар  ринструментқәеи еснагь рыԥсы ҭазааит, иҳацзааит», – абас  ихлыркәшеит ахьтәы бжьы зхылҵуа аҭыԥҳацәа рансамбль анапхгаҩы  лықәгылара.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me