Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҵарауаҩ идунеи уаднаԥхьалоит

Декабр 22 рзы еицырдыруа аетнолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор Валери Бигәаа 80 шықәса ихыҵит.

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысит аҵарауаҩ Валери Бигәаа 80 шықәса ихыҵреи уи иҭҵаара-педагогикатә усура 50 шықәса ахыҵреи ирызкыз аҭҵаарадырратә конференциа. Уи зеиԥш хьӡыс иаман «Аԥсуаа ртрадициатә дини рбзазаратә культуреи».

Аиубилиар дидныҳәалеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа:

«Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи рыхьӡала, хаҭала иара саргьы сыхьӡала, гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит 80 шықәса шәхыҵра. Аԥсуа иқәранҵыра иаҿырԥшны иугозар, ари арыцхә уамак ыҟам, аха иагьмаҷым. Уи иҭаӡоит епоха дуӡӡак.

Аԥсуа қыҭа Ҭхьына ииз, иааӡаз, Шәара, имариамызт шәыԥсҭазааратә мҩа. Ишыхәыҷыз заб дзыԥхаз, аха зеизҳараҿы ауадаҩрақәа зегьы ириааины, аҵаралашарахь зымҩа ылызхыз шәреиуоуп. Аханатә ишьҭышәхыз ахықәкы – шәыжәлари шәыԥсадгьыли шәырҵеи иашаны, урҭ рзы шәхәарҭаны, шәҵоураны аҟазаара  хьаҳәхьачарак ацымкәа иаажәгоит иахьагьы. Уи ус шакәу шәырҵабыргхьеит, каламла мацара акәымкәа, абџьарлагьы – ҳтәыла ашәарҭара ду ианҭагыла, аџьынџь ахьчаразы хацәнамырха шәгылеит.

Шәара шәыруаӡәкуп шықәсырацәала арҵаҩреи аҭҵаара ауси еилазыгӡо ҳуниверситет аусзуҩцәа, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҵарауаа нагақәа. Авторс шәрымоуп аԥсуа ҭҵаарадырраҿы акрызҵазкуа, Аԥсны аҭоурыхи, аетнографиеи, аетнологиеи уҳәа ирызку аусумҭақәа жәпакы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп акымкәа-ҩбамкәа хазы игоу амонографиақәеи, арҵага шәҟәқәеи, арҵагатә цхыраагӡақәеи. Убри аан, напхгаҩык иаҳасабала сазыгәдууп, аԥсуа ҭҵаарадырраҿы шәлагала азгәаҭаны, шәылшамҭақәа ҳасаб рзуны, ааигәа иахьалҳаршаз шәусумҭақәа еидызкыло ашәҟәқәа ҳуниверситет атипографиаҿы рҭыжьра. Сгәы иаанагоит, иахьа ҳарҭ зегь ҳаззааԥсо,  уаҵәтәи ҳԥеиԥш, ҳгәыӷрақәа здаҳҳәало – абиԥара ҿа рзы ари акрызҵазкуа усуп ҳәа.

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла-корреспондент, Аԥсны Аҳәынҭқарра иреиҳау ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Аҧсны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩ, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу, Шәара – иахьа шәиубилеи шәаԥылоит аԥсҭазаара ишәзаанагаз ахьанҭара шәҽаҵамырхакәа, шәҭаацәара ԥшӡа, шәхы-шәыхшара, шәмаҭацәа, шәҩызцәа, шәколлегацәа рыгәҭаны шәыӷәӷәаҟацаӡа, шәкалам шышәкыцгьы ишәкуп.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәалаҟазаара, арҿиаратә гәаҳәара, аԥсуа иқәранҵыра ду, шәнапы злаку аусқәа зегьы рҟны аманшәалареи ақәҿиарақәеи. Ҽаанбзиала шәгәырӷьо шәнеилааит! Аԥсынреи аԥсуа жәлари шәрыгымзааит!»

Валери Бигәаа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызкны аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Гәурам Гәымба иҟаиҵаз ажәахә иахьӡуп «Апрофессор В. Бигәаа иԥсҭазаареи иҭҵаарадырра-рҵаҩратә усуреи».

Аҵарауаҩ изкыз аконференциаҿы иқәгылеит иара убас  Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳаҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Арда Ашәба, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидатцәа Алик Габелиа,  Сима Дбар аҵарауаа Владимир Занҭариа, Едуард Гәбаз уҳәа егьырҭгьы.


В. Ажәанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me