Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ашколхәыҷқәа русумҭақәа рцәыргақәҵа

Краснодар ақалақь аҟны имҩаԥысит ахәыҷқәа рҿыханҵатә ҭыхымҭақәа жәларбжьаратәи  рцәыргақәҵа «Ашықәс ҿыц ҳаиднакылоит» ҳәа хьӡыс измаз.

Уи иалахәын аа-ҳәынҭқаррак рыҟнытә Краснодари аиҩызареи  аусеицуреи рзы аимадарақәа ахьрыбжьоу ақалақьқәа жәпаки рҟнытә, 90 инареиҳаны абжьаратә ҵара ақәра иаҵанакуа ахәыҷқәа рбаҩхатәра аазырԥшуа аҭыхымҭақәа.

Аԥснытәи ахәыҷқәа русумҭақәа реиԥш, уахь инаган Анцирабе (Мадагаскар), Вельс (Австралиа), Дуцзианианы (Китаи), Калькутта (Индиа),  Карлсруе (Германиа), Чачак (Сербиа) уҳәа  аҳәаанырцәтәи  ақалақьқәа ирхаҭарнакцәоу аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа рсахьақәа. Ари аусмҩаԥгатә ахықәкы хадақәа иреиуоуп аԥхьаҟагьы аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me