Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аамҭа кьаҿк иҭагӡоу анапхгаратә хықәкытә программа «2023 шықәсазы Аԥсны имаҷуи ибжьаратәуи аусдкылара адгыларазы Апрограмма» шьақәнарӷәӷәеит. Иарбоу апрограмма инақәыршәаны, имаҷуи ибжьаратәуи аусдкылара асубиектқәа рекономикатә хырҳара ашьҭыхра хықәкыс иҟаҵаны, аҳәынҭқарра аҟынтәи афинанстә цхыраара роулоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура.
Апрограммала иалкаахоит аҳынҭқарратә финанстә цхыраара аҭара аҭагылазаашьақәа зегьы. Иарбоу Апрограмма алахәхаразы лшарақәас иҟоу аилкааразы иадҵаалазар ҟалоит Аԥсны аекономика Аминистрра иатәу аҳәынҭқарратә Аинвестициатә маҵзура ахь. Уи аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩа, аҩны № 16, абизнес-центр «Гәдоу Плаза», 3-тәи аихагыла, аофис 3.3.