Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Терент Ҷаниа»

Ааигәа Аҧсны аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭаҿы иҭрыжьит еицырдыруа акри­тик, алитератураҭҵааҩ, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Рус лан Қапба ишәҟәы ҿыц «Терент Ҷаниа». Аҭыжьымҭа рызкуп абаҩхатәра злаз апоет, апро­заик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы Терент Ҷаниа иҧсҭазаареи ирҿиамҭақәеи.

Аҵарауаҩ Р. Қапба аҧсуа шәҟәыҩҩцәа ҷыдала рыҧсҭазаареи рырҿиаратә мҩеи ирызкны 23 шәҟәы ҭижьхьеит. Иҭҵаарадырраҿы урҭ шьарда зҵазкуа аҭыҧ ааныркылеит.

Ашәҟәы ахьаатуа аҧхьажәаҵас иацу аҟны Т. Ҷаниа инаидҳәаланы далацәажәоит апоет дахьиз, дахьааӡаз иқыҭа гәакьа Кәтол ажәытә-аҿатә, абыргцәа ина­дыркны аҧсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа ирымадоу ахҭысқәа дырзааҭгылауа. Игәалаиршәоит ақыҭа еиуоу ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи аӡәырҩы, иара убас аҟазара амаҵ азызуаз. Кәтолаа рахьтә автор амонографиақәа рзикхьеит Иван Папасқьыр, Бо­рис Гәыргәлиа, Платон Бебиа.

Р. Қапба уажәтәи ишәҟәы ззи­кыз Т. Ҷаниа иҩызцәа дреиуан, 1950-тәи ашықәсқәа ралагамҭаз абжьаратә школ ахьыҟаз Тамшь ақыҭан еиқәшәеит, аҵарагьы еицырҵон. Амилаҭтә литерату­разы цәыӡны иҟалеит Т. Ҷаниа 2021 ш. рзы иҧсҭазаара иалҵра, иахьагьы аҧсуа шәҟәыҩҩцәа хьаас ирымоуп арҿиаҩы дахьрыҧхаз, игәалашәарагьы дырӡӡом. Ашәҟәы автор Р. Қапба ашәҟәыҩҩы иуаажәлар дрылагыланаҵы, иныбжьаршә-аабжьаршәны диҿцәажәон, амоногра­фиа аҩразы ииҭахыз аматериал еизигон, еиқәиршәон, уи нахыс аҩра далагоит. Автор иҭахын Т.Ҷаниа иҧсы ҭанаҵы ашәҟәы аҭыҵра дахьӡар, аха зегьы ҳазшаз инапы иануп. Ҩышықәса раҧхьа Т. Ҷаниа иҧсҭазаара ҿахҵәеит. Ихаҭагьы дазҧшын, хымҧада, изкыз аҭыжьымҭа аба­ра. Ишыҟалазаалакгьы, иахьа аҧхьаҩцәа ироуит иҭыжьу амо­нографиа.

Автор инарҭбааны далацәажәоит ашәҟәыҩҩы иҧсҭазаара, уи иабиҧара иаҵанакуаз ирыҧгылоз ауадаҩрақәа, ахьанҭарақәа. Аха, иага ус акәзаргьы, ргәы карыжьуамызт, аҧеиҧш лаша агәра ргон.

Т. Ҷаниа иқәлацәа реиҧш, Кәтолтәи усҟантәи аашықәсатәи ашкол даналга Тамшьтәи абжьаратә школ аҟны иҵара иациҵеит. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы ахныҟәгара цәгьан, аха адоуҳа аҧхьа изыр­гылоз арҧарцәа аҵаралашара рҽазыркит.

Т. Ҷаниа ашкол данҭазгьы алите­ратура дазҿлымҳахахьан, ихатәы жәеинраалақәа рыҩра далагахьан. Аҟәатәи арҵаҩратә инсти­тут даналга нахыс еиҳагьы алитературатә ҧсҭазаара далахәхеит.

«Ашықәс хьанҭақәеи ҳазшаз илыҧхеи» зыхьӡу ашәҟәы иагәылоу еидызкыло ахқәа руак аҟны иаагоуп ашәҟәыҩҩы игәалашәарақәа рҟнытә узызҿлымҳахаша акыр ахҭысқәа. Урҭ зегьы алитература аҿиара апроцесс иадҳәалоуп, насгьы иҵареи иусу­реи ирымадоуп.

Арҵаҩы инысымҩа зегьы еи­лыхха иаадырҧшуеит, уи алите­ратуреи аҟазареи шаҟа дырзааигәаз, ашәҟәыҩҩцәа реиҧш, акомпозиторцәеи ашәаҳәаҩцәеи шиҿцаауаз. Иажәеинраалақәа жәпакы ирылхны ашәақәа шаҧырҵоз, ишынарыгӡоз.

Абар урҭ ахҭысқәа ургәылазырҧшуа ашәҟәы злеих­шоу атемақәа: «Аҵабыргхаҭа иахылҵыз», «Среиҵахом сраҟарамзаргьы», «Аҿара ашәақәа», «Аажәабак», «Ахьы напқәа», «Бара быда», «Аҕа ҳашҭа дықәнаҵ», «Ан лхаҿсахьа Терент Ҷаниа илирикаҿы», «Апоезиа алаҧшҳәаа», «Аепикатә ҩымҭақәа», «Апоет ипроза» уҳәа егьырҭгьы.

Инеидкыланы ашәҟәыҩҩы иҧсҭазаара еиҧш, ирҿиара аганқәа зегьы ирыхцәажәоуп, хаз-хазы ирзааҭгылоуп апо­езиеи апрозеи ирыҵаркуа ажанрқәа, ажәеинраалақәа реиҧш, аепикатә ҩымҭақәагьы. Автор инарҭбааны иҭиҵаауеит Т. Ҷаниа ипоезиеи ипро­зеи, аамсҭашәалагьы ахәшьара риҭоит. Акырӡа уаднаҧхьалоит аҵарауаҩи ашәҟәыҩҩи реиҿцәажәарақәагьы. Абарҭқәа зегьы амилаҭтә литература аҿиара амҩа уазхьадырҧшуеит. Алитера­тура аҭоурых азы даара хәарҭара рылоуп.

Ус анакәха, шықәсыла Р. Қапба аус здиулоз амонографиа аҿахәы нагӡаны иаҳәоит, автор игәҭакгьы наигӡеит. Уи зегьы иреиҳау ҳамҭоуп.

Р. Қапба аҭыжьымҭа алагамҭаҿы иазгәеиҭоит: «…сара сзы амилаҭ гәадура иацырҟьоу акы акәны исыҧхьаӡоит», зыӡбахә имоугьы ашәҟәыҩҩцәеи урҭ рырҿиареи рыҭҵаара насыҧс иахьишьо ауп. Аҧхьаҟагьы аҭҵаарадырра аус аҟны аусумҭа ҿыцқәа раҧҵареи рҭыжьреи иразҟы иалазааит ҳҵарауаа хатәрақәа иреиуоу Рус­лан Хәанеи-иҧа Қапба.


В.АЖӘАНБА

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me