Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

АНЫШӘАԤШЬ АҬҴААРА ИАЗКНЫ

Урыстәыла анаукақәа Ракаде­миа Асубтропикатә наукатә центр аҵарауаа ргәыԥ Аҟәа ақалақь акәша-мыкәша анышәаԥшь амҽхак иазкны аҭҵааратә усурақәа мҩаԥнагеит ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәыла анаукақәа Ракадемиа Асубтропикатә наукатә центр апресс-маҵзура.

Ас еиԥш иҟоу анышәхкы Урыстәыла иахьаҵанакуа иуԥылаӡом, уи аҷыдарақәа рахь иаҵанакуа ирацәаны иалоу аи­хеи алиумини роуп. Аиха иахҟьаны анышә ицәҩаԥшьу аԥштәы аанахәоит. Ас еиԥш анышәхкы аиҳарак асубтропикатә абыӷьҟьаҟьатә бнарақәа ирызҷыдаҟазшьаны иҟоуп. Урҭ аиҳарак иахьуԥыло ҭыԥқәаны иԥхьаӡоуп – Алада-Мрагыларатәи Азиа, Австралиа мрагыларатәи ахәҭа, иара убас Аладатәи Америкеи Африкеи. Аԥсны ас еиԥш иҟоу анышәхкы Калӷьҭатәи алаҟәыра и н а м а р и а ш а н ы и у ԥ ы л о и т. Анаукатә усзуҩцәа агеодезиатә усурақәа раламҭалазтәи аҭыԥ аҭҵаара мҩаԥыргеит, анаҩстәи агәаҭарақәа рзы ихымԥадатәиу ахкқәа еизыргеит.  

А н а ҩ с и а з ԥ х ь а г ә а ҭ о у п Урыстәыла анаукақәа Ракадемиа иатәу В.В. Докучаев ихьӡ зху Асубтропикатә наукатә центр амузеи азы адгьыл еилаҵәыҵәқәа ралхра. «Иазԥхьагәаҭаны иҳамоуп х-хкык инарзынаԥшуа адгьыл-климат тә ҭагылазаашьақәа ргәаҭара: ицәҩабжьу адгьыл (адгьылбжьаха Абрау) аҩежьдгьыл (Шәача Ду иахьаҵанакуа), адгьылҟаԥшь (ақалақь Аҟәа акәша-мыкәша).

Ахырхарҭа ҿыц аконцепциа абасала иҟоуп: еиуеиԥшым аԥсабара-климаттә ҭагылазаашьақәа, еиуеиԥшым агеологиатә шьаҭақәа , еиуеиԥшым анышәшьақәгылара ахкқәа, еиуеиԥшым адгьыл аҷыдаҟазшьақәеи уи иадҳәалоу аԥсабаратә ҵакырақәеи шьақәд ы р г ы л о и т, и у з е и ҟ ә ы м ҭхо еидҳәалоу, иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара абиологиатә, агеохимиатә, уҳәа арбагақәа, иааизак­ны аекосистема аҭагылазаашьа аадырԥшуеит», – ҳәа еиҭалҳәеит Урыстәыла анаукақәа Рака­демиа Асубтропикатә наукатә центр агеоекологиеи аԥсабаратә процессқәеи рлабораториа анаукатә усзуҩ хада, абиологиатә наукақәа рдоктор Лолита Заха­рихина.

Аусурақәа рымҩаԥгараҿы ак­тивла ацхыраара ҟарҵон Аԥсны анаукақәа Ракадемиа ахаҭарнакцәа. Араҟа ааигәа аҩганк алархәны анаукатә конференциа мҩаԥысит. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҩ-ҳәынҭқаррак рҵарауаа рԥышәеимдара алыршан, иара убас ишьақәгыларц зылшо анаҩстәи русеицура азы ате­ма ҿыцқәа алкаахеит. «Сара даара гәахәарыла исыдыскы­лоит ҳнаукатә центри Аԥсны анаукақәа Ракадемиеи аҵарадырреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи русхк анаҩсгьы, аҭҵаарадырратә усурақәа реицынагӡареи ахьзалыршахо. Аԥсны иҷыдоу агеографиатә, аҳауатә ҭагылазаашьақәа инарымаданы, еиуеиԥшым анаукатә усхкқәа рҿы аҧышәаратә ҭҵаарақәа рзы акыр аинтерес зҵоу ҭыԥны иаанхоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Урыстәыла анаукақәа Ракадемиа Асубтропикатә наукатә центр адиректор.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me