Лаҵара 07, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

ВЕРОНИКА ҲАГБА ЛЫҚӘҾИАРА

Аԥсныпресс. Аҟәатәи алицеи-интернат 9 акласс аҵаҩы Веро­ника Ҳагба автомат (Калашников- АКМ-7,62) аимыхреи аибыҭареи рзы уаанӡа ишьақәлыргылахьаз арекорд еиҳаз арекорд ҩаԥхьа ишьақәлыргылеит.

Уи лыдҵа налыгӡеит 10.57 секунд рыла, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, иҳәеит аҵараиурҭа арратә ус арҵаҩы Звиад Шенге­лиа. «Актәи арекорд шьақәыргылан жәабранмза, 2023 шықәсазы имҩаԥысыз аицлабрақәа рҿы. Лара усҟан актәи аҭыԥ аанылкылеит. Лыдҵа анагӡаразы 13.03 секунд лцәагеит. Аҽазыҟаҵарақәа рҿы, уи арбагагьы акыр аҵак ду амоуп, Вероника уаанӡа ишьақәлыргылахьаз арекорд да­иааит. Лхыдҵа 10.57 секунд рыла иналыгӡеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аррарҵаҩы. Анапхгаҩы иажәақәа рыла, Верони­ка илымоу аспорттә зыҟаҵареи а и а а и р а г а р а а ҭ а х х а р е и рыла далукаартә дыҟоуп. Уи изныкымкәа аспорттә усмҩаԥгатәқәа лхы рылалырхәхьеит. 2022 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгаз автомат аимых­реи аибыҭареи рзы аконкурс аҿы Гран-при аиуит. Звиад Шен­гелиа иара убас ишазгәеиҭз ала, абҵарамза, 2022 шықәса рзы ари аҭыԥҳа Аҟәа ақалақь еиз­гоу акоманда аилазаара дала­леит. Араҟа 60-ҩык аҭыԥҳацәа рҟынтәи иалххеит хҩык. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Вероника Ҳагбагьы. Ԥшьымш имҩаԥысуа аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла, Вероника хә-медалк лоуит – ахьтәы медалқәа ҩба, араӡны медалқәа хԥа.

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me