Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсныпресс. Нижни Новгород аҟны Аҟәа ақалақь Ахадара Амуниципалтә унитартә наплакы «Арго-Инвести» Амуниципалтә автономтә усбарҭа «Ақалақь Нижни Новгород атуризм азы Аусбарҭеи» атуризм аусхк аганахьала аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.
Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит «Арго-Инвест» адиректор хада Леуан Адлеибеи Амуниципалтә автономтә усбарҭа «Ақалақь Нижни Новгород атуризм азы Аусбарҭа» адиректор Олег Тихонови. Аганқәа атуризми жәларбжьаратәи атуристтә хырхарҭақәеи рыҿиара иазку аусмҩаԥгатәқәа е и ц ы н а р ы г ӡ а л о и т. А г а н қ ә а атематикатә семинарқәа, астол гьежьқәа, егьырҭ аинтерес зҵоу аусмҩԥгатәқәа рымҩаԥгарала амилаҭтәи арегионтәи атуристтә ассоциациақәа, аилазаарақәа, афирмақәа, анаплакқәа рыбжьара еицырзыфеидоу аусеицура аҿиара иацхраалоит. Уи аԥхьа «Арго-Инвести» Краснодари Казани ақалақьқәеи атуризм аусхкы аҿы аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.