Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсныпресс. Аԥсны Очамчыра араиони Удмуртиа (Урыстәыла) Алнаштәи араиони акультура, атуризм, аҵарадырра, аспорт, ақыҭанхамҩа уҳәа рганахьала аусеицуразы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит, – иаанацҳауеит Очамчыра-информ.
Абарҭ амшқәа рзы Очамчыра ақалақь иаҭааны иҟан Урыстәылатәи Афедерациа Удмуртиатәи Ареспублика Алнаштәи араион аделегациа. Уи напхгара аиҭон араион ахада Алеқсеи Семионов.
Апрель 15 азы имҩаԥысит Удмуртиатәи аделегациеи Беслан Бигәаа аԥхьа днаргыланы Очамчыра араион анапхгареи, араионтә Еизара адепутатцәеи реиԥылара.
Уаҟа аганқәа иазгәарҭеит арегионқәа рыҩбагьы русеицура, аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиара акырӡа шрыҵаркуа.
Аганқәа аҳамҭақәа еимырдеит.
Удмуртиа аделегациа Очамчыра араион хымш иҟан. Ирбеит атуризми ақыҭанхамҩеи рганахьала иҟоу алшарақәа, иара убас аҭоурыхтә ҭыԥқәа.