Сонер Гогәуа диит 1971 шықәса август 19 азы Ҭырқәтәылан, аԥсуа мҳаџьырцәа рхылҵшьрақәа рҭаацәараҿы.
1990 шықәсазы дҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет афилологиатә факультет аԥсуа абызшәеи алитературеи рыҟәша.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан Нхыҵ- Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа ргәыԥ далан.
1994 шықәсазы Гагра ақалақь ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан, 1995 шықәсазы – Гагра, «Башаран-коллеџь» адиректор ицхырааҩыс, 2000 инаркны 2005 шықәсазынӡа афирма «Елиф» адиректор хадас дыҟан.
2005 шықәса инаркны Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнакс аус иуан.
2007 шықәсазы Аԥсны Жәлар Реизара аԥшьбатәи ааԥхьара адепутатс далхын, аџьынџьуаа ҟны аимадарақәа рзы аилак хадара азиуан. Уи иара убас Аԥсны Жәлар Реизареи Ареспублика Венесуела Жәлар Реизареи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Апарламентбжьаратә еилакы дахантәаҩын.
2012 шықәсазы Ахәаахәҭра- ааглыхратә палата аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан.
2016 шықәсазы «Жәларбжьаратәи Афонд «Аԥсны» апрезидентс далхын.
Ԥықәсларада идыруан аурыс, аԥсуа, аҭырқә, англыз бызшәақәа.