Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсныпресс. Аекономика Аминистрра Адҵала Џьынџьал Ҭемыр Иван-иԥа Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хадас дҟаҵоуп. Ҭемыр Аџьынџьал 2007 шықәса раахыс Аҟәа ақалақь ахадара Амуниципалтә унитартә наплакы «Аҟәатәи СУЕС» адиректорс аус иуан, афымцамч аусхкы аҿы – 1996 шықәса инаркны. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура.
Рамин Зингишвили «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада инапынҵақәа аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Уи «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада инапынҵақәа рҟынтәи ихақәиҭтәразы изныкымкәа аҳәара ҟаиҵахьан, мшаԥымза, 2023 шықәсазы иҟаиҵаз аҳәарагьы уахь иналаҵаны. Ари аӡбамҭа аӡфымцастанциа-2 Аихшарҭа қьырала аҭара азҵаара акала иадҳәаланы иҟам. Иҟоу афымцамч адефицит ҳасаб азуны, аӡфымцастанциақәа - (1, 2, 3) Аихшарҭақәа реиҭашьақә ы р г ы л а р а х а д а р а з л о у зҵаараны иҟоуп. Аԥыза-министр идҵа инақәыршәаны, аекономика Аминистрра Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә Еилаки Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» алархәны Аӡфымцастанциа-2 Аихшарҭа атехникатә ҭагылазаашьа агәаҭара мҩаԥнагоит. Иара убас қьырала аҭара иазку аиқәшаҳаҭра апроект аус адулара мҩаԥысуеит.