Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсныпресс. 2023 шықәса хәажәкырамза 1 инаркны лаҵарамза 31 аҟынӡа Аԥсны еиҭамҩаԥысуеит атәанчаҩцәа рышәҟәҭагалара. Уи азы ақәҵара рыдыркылеит Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы. Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба аиҭашәҟәҭаҩра шымҩаԥысуазы адырра ҟаиҵеит.
Уи ишазгәеиҭаз ала, хәажәкырамза 1, 2023 шықәсазы ашәҟәҭагалара иахысыз атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара 49573-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Зынӡа мшаԥымза 13 аҟынӡа аиҭашәҟәҭаҩра иахысит 30889-ҩык. Аиҳарак атәанчаҩцәа Аҟәа ақалақь аҿы ауп иахьынхо.
«Аҟәа ақалақь аҿы инхоит 11457-ҩык атәанчаҩцәа, урҭ рахьынтә иахьазы аиҭашәҟәҭаҩра иахысит 6609, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар, 57,7%. Аҩбатәи аҭыԥ аҿы иҟоуп Гагра араион, араҟа иҟоуп 7 848-ҩык атәанчаҩцәа, урҭ рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩра иахысит 5 628-ҩык, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар, 71,7%», – ҳәа иҳәеит иара.
Гәдоуҭа араион аҿы инхоит 7976-ҩык атәанчаҩцәа, урҭ рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩра иахысит 5486-ҩык (68,8%). Аҟәа араион аҿы иҟоуп 2570-ҩык атәанчаҩцәа, урҭ рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩра иахысит 1912- ҩык (74,4%). Гәылрыԥшь араион аҿы инхо 3430-ҩык атәанчаҩцәа рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩра иахысит 2259-ҩык (65,9%). Очамчыра араион аҿы инхоит 5533- ҩык атәанчаҩцәа, урҭ рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩра иахысит 3356- ҩык (60,7%). Тҟәарчал араион аҿы инхоит 4403-ҩык атәанчаҩцәа. Урҭ рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩра иахысит 2639-ҩык (59,9%); Гал араион аҿы инхо 6356-ҩык атәанчаҩцәа рҟынтәи аиҭашәҟәҭаҩра иахысит 3000-ҩык (47,2%).
А и ҭ а ш ә ҟ ә ҭ а ҩ р а а х ы қ ә к ы хада акәны иҟоуп – ареспублика асоциалтә еиқәыршәара аҟәшақәа рҿы ашәҟәы иҭагалоу атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара цқьа аилкаареи ашьақәырӷәӷәареи, иара убас зыԥсҭазаара иалҵхьоу, аха убри аан уи азы адыррақәа ашәҟәы иҭагаламкәа иаанханы иҟоу атәанчаҩцәеи атәанчаҩратә еиқәыршәара алзмыршо егьырҭ ахҭысқәа раарԥшреи. Аиҭашәҟәҭаҩра иахымсыз атәанчаҩцәа атәанчахәы аиуразы асиақәа ирныххоит. Ианаамҭоу уи иахымсыз атәанчаҩцәа ртәанчахәы анаанкылаз амш инаркны ирызшәахоит. Иарбоу аҿҳәара анаҩс ашәатәқәа мҩаԥгахоит атәанчаҩы хаҭала арзаҳал аналеиҵа ашьҭахь. Ашәҟәҭагалара анаҩс асоциалтә еиқыршәареи адемографиатә политикеи Рминистрра Аминистрцәа Реилазаарахь уи алҵшәақәа рзы адыррақәа нанашьҭуеит. Ақәҵара анагӡаразы ахылаԥшра идҵоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов.