Асҭамыр Гәынбеи Мараҭ Кокосқьериеи аиааира ргеит, Баграт Ԥандариа иакәзар, ахацәа рыҩнуҵҟа ахы иақәиҭны аиқәԥаразы Ацентртә федералтә округ ачемпионат аџьаз ԥхьахәы ианашьахеит, – иаанацҳауеит Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭеилакы асаит. Ачемпионат мҩаԥысуан Брианск.
Баграти Мараҭи 70 килограмм рҟынӡа зкапануа реицлабра иалахәын, Асҭамыр – 79 килограмм.
Аицлабрақәа Урыстәыла ачемпионат ахь алԥшаарақәа ирызкын. Уи мҩаԥысуеит Даӷьсҭан, Каспииск ақалақь аҟны ииун алагамҭазы.
Аспортсменцәа зааӡаз азыҟаҵаҩцәа Ҭемыр Џьопуеи Дауҭ Лазбеи роуп.