Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аенергетика азҵаарақәа ирылацәажәеит

Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» анапхгаҩы Ҭемыр Џьынџьали алархәны аилатәара мҩаԥигеит.

Аилатәара аҿы еиуеиԥшым азҵаарақәа ирыхәаԥшит, ахәҭакахьала ахархәара ҳасабырбатә приборқәа рышьақәыргылара, ахархәара зауз афымцамч азы ашәахтәқәа реизгара иара убас Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» иааиуа аӡынтәи аамҭахәҭа иахьынӡазыҟаҵоу, уҳәа азҵаарақәа жәпакы шьҭырхит.

   АУН «Амшынеиқәафымцамч» анапхгаҩы Ҭемыр Џьынџьал иқәыргылоу ахыдҵақәа рынагӡара шымҩаԥсуа атәы дазааҭгыло иазгәеиҭеит иара убас афымцацәаҳәақәа изаамҭанытәиу ахылаԥшра рыҭареи реиҭашьақәыргылареи рзы ихымԥадатәиу амаҭәахәқәеи иҷыдоу атехникеи разымхара шыҟоу.  Урҭ зегьы рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 500 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо, Алеқсандр Анқәаб иҷыдоу атехникеи ихымԥадатәиу амаҭәахәқәеи рсиа, иара убас урҭ раахәаразы иҟоу ахыҵхырҭақәа рзы ажәалагалақәа  еиқәыршәаны иаарласны ирыдыргаларц адҵа ҟаиҵеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me