Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Владимир Путин аибашьра аветеранцәа дрыдныҳәалеит

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭеи, Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу «Москва Аҩни» русзуҩцәеи Урыстәылатәи аидгылуаа реиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа, Кавказ ахақәиҭтәразы аидыслара иалахәыз - Нонна Дорофеева, Ардавасҭ Сельвиан, Екатерина Синиавскаиа, иара убас Сталинградтәии Курсктәи аидысларақәа ирылахәыз Валентина Шульгина ирҭааны Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин иҟынтәи адныҳәаларатә телеграммақәеи ашәҭқәеи рнапы иадыркит.

«Кавказ анемец-фашисттә архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра 80-шықәса ахыҵра шәыдысныҳәалоит. Ари мҽхакы ҭбаала имҩаԥысуаз аиааирагаратә арратә операциа ахыркәшара – акыр зҵазкуа, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш зчаԥоз хҭысны иҟалеит. Усҟан   Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аилашымҭаз Кавказ ашьхеибаркыра Хада Аԥснытәи аҵакыраҿы анемец архәҭқәа аанкылахеит. Асовет архәҭақәа хацәнымырха инарыгӡаз аҿагылара иабзоураны, аӷа иаанкылареи, уимоу шьҭахьҟа ихьацареи аӷа игәҭакқәа рыԥхьырҟәҟәареи алыршахеит. Шәара, Афырхацәа иашақәа! Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп усҟан иаашәырԥшыз агәымшәареи аԥсадгьыл ахь абзиабареи рзы. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи аманшәалареи ашықәснҵыра дуи», - ҳәа азгәаҭоуп Урыстәыла Ахада иҟаиҵаз адныҳәаларатә телеграмма атекст аҟны.

Аветеранцәа Урыстәыла Ахада Владимир Путин рганахьала есымша иааирԥшуа агәцаракреи ахшыҩзышьҭреи рзы дара рыхьӡала иҭабуп ҳәа иарҳәарц азы аҳәара ҟарҵеит.  Урҭ иара убас Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, Аҟәа иҟоу «Москва Аҩны», Урыстәылатәи аидгылуаа реиҿкаарақәеи есымша аветеранцәа  ацхыраара шрырҭо, ҿыц игылаз абиԥарақәа рҟынтәи ироуа ахшыҩзышьҭра гәахәара дула ишрыдыркыло, насгьы урҭ Аџьынџьтәылатәи аибашьра Дуӡӡа аҭоурых ахьыргәалашәо дара рзы акырӡа шаанаго  азгәарҭеит.

Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан реиҳа ишьаарҵәыраз, аԥсҭбарақәа зцыз, аамҭа рацәа згаз Кавказ азы аибашьраҿ Аиааира  80-шықәса ахыҵит. Ари адунеизегьтәи аҭоурых аҿы акырӡа зҵазкуа рыцхәны иҟоуп, избан акәзар усҟан   Кавказ ашьхеибаркыра Хада Аԥснытәи аҵакыра аҿы анемец архәҭқәа аанкылахеит. Ари ахҭыс шьаҭас иазыҟалеит аанкылара зқәымыз, атәыла анемец-фашисттә мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәразы ԥхьацаратәи аоперациа.

Аԥсны ауаажәлар 55 нызқьҩык инареиҳаны Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәын, урҭ рыҟнытә 17 нызқьҩык зыхнымҳәит, 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхацәа ҳәа ахьӡ рыхҵоуп, хҩык Ахьӡ-Аԥша аорденқәа ах-ҩаӡарак ранашьахеит.

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин «Урыстәыла агәалашәаратә рыцхәқәеи арратә ахьӡ-аԥша амшқәеи рзы» «Афедералтә Закәан ахәҭаҷ 1 аиҭакрақәа ралагалара азы Афедералтә Закәан инапы аҵаиҩит. Уи инақәыршәаны, жьҭаарамза 9 Асовет архәҭақәа рыла Кавказ ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз арратә операциа (1943 шықәсазы) аҿы анемец-фашисттә архәҭақәа рықәхра Иамшны ирылаҳәахеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me