Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ипресс-конференциа

Ҩ-сааҭк инареиҳаны имҩаԥысуан жьҭаарамза 19 рзы еиҿкааз Аслан Бжьаниа ипресс-конференциа.

Аҳәынҭқарра Ахада, «аобиективтә ҭагылазаашьақәа  ирыдҳәаланы, акыр игәылҭәаау иусуратә график иахҟьаны, уажәаԥхьа ажурналистцәа рԥылара залмыршахеит» ҳәа азгәеиҭеит. Уи амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа ажәа риҭеит аринахыс иареи дареи реиԥыларақәа еиҳа лассы-лассы ишымҩаԥгахало. 

Аслан Бжьаниа ааигәа имҩаԥысыз  Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини   Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови иареи  реиԥыларақәа  реихшьаалақәа: атәылахьчаралшара, Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартра, Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш азгәаҭара, аинвалидцәеи иҭахаз рҭаацәарақәеи ацхыраара рыҭара, апарт-отельқәа рыргылареи урҭ рзинтә шьаҭеи, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусура, ауааԥсыра афымцамч ала реиқәыршәара, Аԥсны Аидгылатә ҳәынҭқарра алалара аперспективақәа, аинвестициатә программа, аихамҩатә транзит, уҳәа  ирыдҳәалоу ажурналистцәа рызҵаарақәа жәпакы рҭак ҟаиҵеит.


«Иҳаҩсыз ашықәс азы ҳара Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра азгәаҭаразы акомиссиа аԥаҳҵеит. Ари акомиссиа ҩажәи быжьба еилатәара мҩаԥнагеит, уи аусура алҵшәа шәара ижәбарц шәылшеит аусмҩаԥгатәқәа шымҩаԥысыз ала. Иазгәаҭатәуп, иазԥхьагәаҭаз аусмҩаԥгатәқәа рыхәҭак ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны рынагӡара шалыршахо. Иааизакны аусмҩаԥгатәқәа рбиуџьет 250 млн. мааҭ иреиҳахеит», –  иҳәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵреи разгәаҭара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыӡбахә дазааҭгыло Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

 Аиубилеитә рыцхәқәа раламҭалазы аобиектқәа жәпакы рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иҭахаз рбаҟақәа рреконструкциа, Ҷлоу, Аӡҩыбжьа, Маркәыла, Кындыӷ ақыҭақәа рҿы  аибашьцәа рбаҟақәа реиҭашьақәыргылара, Ешыра ақыҭан аибашьцәа рбаҟа аргылара. Ақыҭақәа Хәаԥ, Жәандәрыԥшь иҟоу абаҟақәа реиҭашьақәыргылара макьаназы ихыркәшаӡам.

Иазԥхьагәаҭаз аусурақәа раӷьырак нагӡоуп, иҟоуп ахыркәшарахь инеихьоугьы. Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азгәаҭараан Аԥсны иаҭааит 800-ҩык инареиҳаны Нхыҵ Кавказынтәи асасцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа. Ҩымчыбжь ирылагӡаны дара ара иҟан. Аԥсшьара аума, абилетқәа раахәароума, аекскурсиақәеи аныҳәатә усмҩаԥгатәқәеи, ркрыфареи, уҳәа ирыдҳәалаз ахарџь зегьы ҳбиуџьет аҟынтәи акәын. Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рахь ааԥхьара рыҭан Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан, уҳәа атәылақәа рҟынтәи аҳәаанырцәтәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа – ҳәа азгәеиҭеит атәыла Ахада.

 Атәылахьчара Аминистрра иазоужьын 130 млн. мааҭ инареиҳаны. «Шәара ижәбон, апарад аан арратә техника ҿыц шыиасуаз. Уи  ГАЗ-66 абазала иҟаҵоу, «Садко» ҳәа изышьҭоу, зиасралшара рӷәӷәоу жәа-машьынак роуп, иара убас 20 рҟынӡа егьырҭ амашьынақәа.  Апарад авиациатә хәҭа ҳара ҳарра-ҳаиртә Мчрақәа иреиуоу аҵәиԥрыгақәеи аҳаирпланшәарыцақәа Л-39 рыла арбаратә қәгыларақәа нагӡан. Арҭ аԥырратә аппаратқәа рҭагылазаашьа иахәҭоу аҩаӡараҿы инаган. Иахәҭоу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган, уажәшьҭа уи зегьы ҳҳәынҭқарра ахьчаралшара арӷәӷәара азы аус ауеит». Иара убас, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра азы иҿыцу амаругақәа аахәан, афотоальбом «Аиааира» аиҭаҭыжьра алыршан, Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵра иазкны афотоальбомгьы ҭыжьын. Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы арратә еиҳабацәа Владимир Гьаргь-иԥа Аршбеи Гиви Камыгә-иԥа Агрбеи Мушьни Хәымса-иԥа Хәарҵкьиеи рбаҟақәа ықәыргылан.

Иҭахаз рҭаацәа 20-20 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо зныктәи аԥаратә цхыраара рыҭан, иара убас Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҳәса-аветеранцәеи аинвалидцәеи рыцыԥхьаӡа ирызшәан  10 нызқь мааҭ. «Ҳара уи азы аусшәҟәы еиқәҳаршәеит, атәыла анапхгара ақәҵара ыҟоуп, иааиуа ашықәс инаркны хазы игоу акатегориақәа иреиуоу, I, II, III агәыԥ иаҵанакуа атәанчаҩцәа-аинвалидцәа, зыԥсҭазаара иалҵхьоу аибашьра аинвалидцәа рҭаацәа,   Аџьынџьтәылатәи  еибашьраҿы иҭахаз рҭаацәа ртәанчахәқәа 2 нызықь мааҭ рыла ашьҭыхра азы аԥаратә хархәагақәа ҳаԥшаауеит», – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.   

Иааизакны атәанчахәқәеи асоциалтә шәатәқәеи рышьҭыхра иаҵанакуеит 5174-ҩык рҟынӡа.   Иарбоу ахықәкқәа рзы абиуџьет аҟынтәи иазоужьхоит 125 млн. 128 ныз. мааҭ. Ашәатәқәа ршәара иалагоит ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса  инаркны.


Очамчыратәи амшынтә баӷәаза аҿы Урыстәылатәи Афедерациа Арра-мшынтә Флот аӷбақәа рбаза ашьақәыргылара Аԥсны аинтересқәа ирықәшәоит – ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада апресс-конференциа аҿы. Уи «Аԥсны анапхгара атәыла ахьчаралшара арӷәӷәара ахшыҩзышьҭра ду анаҭоит» ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. «Уи азы аԥаратә хархәагақәа маҷымкәа иаҭахуп, ҳара уи аԥшаара ҳҽазаҳшәоит. Ҳара ҳзы адгылара ҳазҭо атәыла иааннакыло апозициа акыр аанагоит, убри аҟнытә иареи ҳареи иаку хырхарҭала аус аауеит.  Арҭ азҵаарақәа ҳҳәынҭқаррабжьаратәи аимадарақәа рымшхәаԥштә зҵаарақәаны иҟоуп. Ҳара уи есымша ҳазҿлымҳауп», – ҳәа азгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, ашәарҭадара азҵаарақәа уажәаԥхьагьы зегьы реиҳа ихадоу аҵакы аманы иҟан, иара уажәгьы, адунеи аибашьра ду азы ашәарҭара ианҭагылоу аамҭазы, урҭ еиҳагьы рҵакы еизҳауеит. «Иахьа Урыстәылатәи Афедерациа Арра-мшынтә Флот абаза ашьақәыргыларазы адгьыл азоужьра иазкны ақәҵара ҭыжьуп. Еиҳа инарҭбааны аиқәшаҳаҭра алацәажәара ахәҭаны исыԥхьаӡаӡом.  Арратә шәарҭадара азҵаарақәа – уи ус иаартны, зегьынџьара узлацәажәар ҟало зҵаарақәаӡам», – иҳәеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me