Абри атәы ҳәоуп «Аԥсны арҿиаҩцәа» адаҟьаҿы.
Апроект ахықәкы хадақәа иреиуоуп иқәыԥшу абиԥарақәа рыгәҭакқәа рынагӡареи, урҭ рҟазара арҿиареи рзы ҳаамҭа иақәшәоу иманшәалоу аплатформа аԥҵара.
Мышқәак раԥхьа, арегионбжьаратә арҿиаратә уаажәларратә еиҿкаара «Радость планеты» Урыстәыла аҳҭнықалақь, аконцерттә зал «Измаилово» имҩаԥнагеит Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиареи Урыстәылеи рахьтә жәлар рҟ́азара ахаԥшьгаратә коллективқәа 158 еидызыԥхьалаз жәларбжьаратәи аицлабра – афестиваль «Лидеры страны».
Ҟабарда-Балкариа аҳҭны-қалақьаҿы, иаҳхысыз ашықәс аҵыхәтәантәи амшқәа руак азы имҩаԥысит даара азҿлымҳара ҳаракы зҵаз аусмҩаԥгатә.
Сынтәа иҵуеит 110 шықәса Асовет Еидгыла Афырхаҵа Владимир Камсагә-иԥа Ҳаразиа диижьҭеи.
Аҳәынҭқарратә хәышәтәырҭаҿы ателемедицинатә платформа аусура ианалага инаркны (жәабранмза 20, 2025ш.) иԥхьагылоу Урыстәылатәи амедецинатә центрқәа рекспертцәа, 200 инарзынаԥшуа аконсультациақәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Аиқәырхаҩцәа ашьхара иаԥну аҭыԥқәа рҿы аҭагылазаашьа ҷыдақәа раԥыхра иадҳәалоу аҽазыҟаҵарақәа ркомплекс мҩаԥыргоит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.