Аԥсны агроном хада Ҭеуаз Ачба Аԥсныпресс иеиҭаз аинтервиу аҟны дрылацәажәеит ақыҭа ашықәс инақәыршәаны ақыҭанхамҩа Аминистрра имҩаԥнагараны иҟоу аусқәа, иара убас аусҳәарҭатә хықәкытә программа анагӡарагьы.
«Ақьаӷьариа» – ари ижәытәу ажәоуп, аха иахьагьы ахархәара ду амоуп. Иахьа ауаажәларраҿы ицәырҵуеит еуеиԥшым агәаанагарақәа, Аԥсны даҭахума ақьаӷариа, мамзаргьы мап?!
Ҳаԥсуа культуреи ҳатрадициақәеи реиқәырхара шьаҭас иаҭаны, урҭ ҳаамҭазтәи амода, астиль ахь ихьарԥшны, иашьашәало, аха уи аамҭазы, аԥсуа цәа аҟәынҵаны, амилаҭ хаҿра ацәымӡуа, еиҿыбааны аԥсуа ацәашәҵатәы маҭәа аарԥшра, аӡыргара хықәкыс измоу адизаинерцәа қәыԥшцәа Салима Ҳашыгԥҳаи Сарида Ҵәыџьԥҳаи русумҭақәа ӡырган раԥхьаӡа акәны Жәларбжьаратәи афестиваль «Амандарин» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз аԥсуа маҭәа иазкыз аицлабра аҟны.