Уаҟа иалацәажәеит 2025-2027 шықәсқәа рзы ареспубликақәа русеицура аплан, абри атәы аанацҳауеит РИА Ажәабжьқәа.
Аԥснынтәи Крымҟа ареверстә бизнестә-миссиа аиҿкааразы аӡбамҭа рыдыркылеит, иара убас иалацәажәеит Аԥсны аекономикатәи аинвестициатәи потенциал Иалтатәи аекономикатә форум аҿы аӡыргара.
Ақыҭанхамҩа аганахьала аефирхәшатә аӡа аҿиареи аус адулареи рзы аԥышәа аимдара шхымԥадатәиу азгәарҭеит. Иара убас, ирҳәеит Крымтәи агроаалыхратә комплекс ахаҭарнакцәа аус рыцура иазхиоу аԥсуа еилазаарақәа рсиа еиқәыршәазарц.
Ааглыхра аганахьала, Крымынтәи афымцалашарала аиқәыршәаразы иахәҭоу амыругақәа, акосметика, ахимиатә маҭәарқәа, иџьбарам арыжәтәқәеи аӡқәеи раагаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Иалта имҩаԥысуа афорум «ТуристЭкспо.Крым» аҿы Аԥснытәи атуреилахәырақәа рнапхгаҩцәа рзы адгьылбжьахаҿы аинформациа-дырратә тур мҩаԥгахоит.


