Абри атәы иҳәеит Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор Ҭемыр Џьынџьал Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба даниацәажәоз.

Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Аԥсны аҳаиртә ҵакыраҿы хыԥхьаӡара рацәа ирбеит ҳәа адыррақәа анцәырҵ ашьҭахь Аахыҵ-Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ҭелла диацәажәеит.

Жәларбжьаратәи аҳәса рымш азгәаҭара аламҭалазы Аҟәа араион Ахадара анапхгареи Аҟәа араионтә Еизареи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 шш.) иалахәыз аҳәса аныҳәа рыдырныҳәалеит.

Афестиваль азкхоит иналукааша аԥсуа поет, апрозаик Баграт Шьынқәба иҭынха аларҵәареи аԥсуа культура арҿиареи.

Аминистрцәа реилазаара хәажәкырамза 16, 2021 шықәсазы ирыдыркылаз Ақәҵара № 22 «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла иаша иҭҵаарадырратә хьӡи Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла-акорреспондент иҭҵаарадырратә ҩаӡареи (аҭҵаарадыррақәа ркандидат, аҭҵаарадыррақәа рдоктор) рзы есымзатәи ахәԥса иазкны» аиҭакрақәа аларгалеит атәыла анапхгара.
Иҿыцу ақәҵара инақәыршәаны:

Апрограмма ахықәкқәа иреиуоуп ақыҭанхамҩатә аалыҵ акгьы иаҵамхо ашьақәырӷәӷәара, ақыҭанхамҩаҿы адгьыл ахархәара аиӷьтәра, иара убасгьы анхаҩы ицхраареи ақыҭанхамҩатә наплаки рырҿиара.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me