Аублаақәа раҳәшьаԥҳа – Џьерен

Аҳаԥшьа ҭацәызар, акәапеи егьа иҭушьыргьы, акагьы азаагом. Ауаҩы, ишырҳәо еиԥш, инаԥшуа акыр риҭарц, ихаҭа ҩнуҵҟалатәи доуҳала ибеиара анаҩсгьы, адәахьтәи иҭеиҭыԥш алагьы деинаалазароуп.

Иҟам аԥшӡара аҵкыс иаиааиуа даҽа мчык.
Ишырҳәо еиԥш, акагьы ҿыцым ари адунеи аҿы. Ажәашықәсақәа рыла ихаҭәаау ашәышықәсақәа раԥхьа, иҟалахьоу еиуеиԥшым ахҭысқәа ирышьашәалоу, еиҭа ҳаԥнагалар алшоит аамҭа. Уи уамашәа ибатәым, ус ишоуп аԥсҭазаара… Жәлар рпоет, «адунеиажә цәгьа уеижьагоуп» изырҳәазгьы уи акәхап?!
Иблахкыгоу ҳаԥсабара хазырҭәаауа, зеиуа хкы рацәоу ашәаԥыџьаԥ рахьтә иҟоуп зҵакыра ҭбаау, зоура ҳаракӡоу, аха зԥашәқәа усҟак иҵауылам. Иҟоуп убасгьы, адәахьы иубо роуреи рымҽхаки раасҭа, акырӡа здацқәа ҵаулоу. Убри ҳаҩызоуп ҳарҭ ҭоурыхтә шьаҭак еицызмоу аԥсуа-адыга жәларқәа. Адунеи акыр аҳәынҭқаррақәа рҟны, аԥсҭазаара ацәқәырԥа џьбарақәа инаргаз аԥсуааи адыгааи рхылҵшьҭрақәа, рылшеи рбаҩхатәреи рымҽхак ҵаулоуп акырӡа. Уи ус шакәу даҽазныкгьы иарҵабыргуеит анаҩс ҳаззааҭгыло ахҭыс.
Иҳаҩсыз амза аҵыхәтәантәи амшқәа рзы, аҳәынҭқаррақәа жәпакы рҟнеиԥш, 74-тәи жәларбжьаратәи аиндаҭлара «Адунеи Аԥшӡа – 2025» (Мисс Вселенная 2025) аҽалархәразы, Ҭырқәтәыла имҩаԥгаз аусмҩаԥгатә аҟны далкаахеит, заб – даҭырқәоу, зан – дчерқьес ҭыԥҳау, аха «сара ачерқьес жәлар сырхаҭарнакуп» ҳәа гәадурала зхы иазызҳәо, 22 шықәса зхыҵуа аҭыԥҳа Џьерен (Серен) Арслан.
Хыхьҟа ишазгәаҳҭахьоу еиԥш, «ишьҭрақәлоит аҭоурых» ҳәа иҳәоу ажәлар рыхшыҩзцара аҵакы ҵабыргым узҳәарым. Ԥшьынҩажәи жәа­ха шықәса раԥхьа, ииун 3, 1932 ш. рзы, Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз «аԥ­шӡаӡа» лалкааразы амилаҭтә еи­ндаҭларақәа рҟны, иреиӷьӡақәоу ҳәа иԥхьаӡаз 50-ҩык ираԥылгеит аублаа мҳаџьырқәа рхылҵ Ҭефықь Халис Беи (Быжьноу) иԥҳа – Қьериман Халис (Быжьноу). Убри ашықәсан Бельгиа, жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа рҟынгьы, 27 ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа иахьраԥылгаз дазыгәдууа, Ҭырқәтәыла усҟантәи анапхгаҩы Мусҭафа Қьемал Ататиурк, аҭырқәшәахьтә «аҳкәажә» ҳәа иеиҭагахо ахьӡшьара ҷыда «Еџье» ҳәа лхиҵеит Қьериман ԥшӡа.
Џьеренгьы, Таиланд аҳҭнықалақь Бангкок имҩаԥысуаз адунеи зегь ахьтә 136-ҩык аҭыԥҳацәа ссирӡақәа злахәыз, аԥшӡара жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа дрылахәын Ҭырқәтәыла дахаҭарнакны. Уи аподиум аҟны леиҿкаашьеи лхымҩаԥгашьеи, ахәаԥшҩы иаразнакы агәрагара инаҭон зыуаҩра ҳаракӡоу, Кавказ иашьагәыҭу ажәларқәа иреиуоу аԥсуааи адыгақәеи ршьа шлылоу. Аублаақәа раҳәшьаԥҳа дцәырҵит Адыгьеиа еиԥш, уи анҭыҵгьы зыбзырӡы хара инаҩхьоу, амилаҭтә цәашәҵатәыӡахҩы ҟаза Рузана Ԥараныҟә илаԥҵамҭоу аҵкы даҵаҽырбо.
«Амаҭәа аӡахразы исзыԥҵәаз аҿҳәара кьаҿын убранӡа, снапкымҭа хаҭала илышәҵаны игәасҭарц азы аҳаирбаӷәазахь амҩа санықәыз ауп ахылԥа аӡахра анхсыркәшазгьы» – лҳәоит Рузана, адунеи аԥшӡақәа ируаӡәку Џьерен цәашәҵатәыла леиҿкаара лгәы хыҭ-хыҭуа дшазхьаауаз лныԥшуа, лыҿцәажәарақәа руак аан.
Џьерен Арслан лаб дшаҭырқәоугьы, ачерқьес ҭыԥҳа ҳәа дрылаҳәан, ланҵарбаҿы лхаҭа ишалырбаз еиԥш. Араҟа хьаҵрак аҳасабала иазгәаҭатәуп ҳәа азысыԥхьаӡоит, амҳаџьырра аамҭа еиқәаҵәақәа раан, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рахь инанагаз аԥсуа адыга жәларқәа ирхаҭарнаку зегьы зеиԥшла «ачерқьесқәа» ҳәа ишрышьҭоу. Аха, Џьерен лыжәла ала аублаақәа дшырхаҭарнаку зырҵабыргуа ҿырԥштәык аҳасабала иаагазарц ақәнагоуп, сынтәа диижьҭеи 90 ш. ахыҵра азгәаҳҭо, Аԥсны жәлар рпоет Платон Бебиа игәалашәарак.
1990 ш. рзы, Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа рааԥхьарала, қалақьцыԥхьаӡа иаԥҵоу акультуратә дернеқьқәа рҟны аиԥыларақәа мҩаԥигон Платон Хәамԥа-иԥа. Убасҟан, «Сҭампыл ҩынҩажәижәаба километр иацәыхароу Гебза ақалақь аҟны еиҿкаау, Кавказтәи ауааԥсыра еидызкыло аидгыла «Кавказ» аиҳабы Аиҳан Аргәын:
– Ажәеиқәыршәақәа дҳазрыԥхьоит Аԥснытәи ҳасас! – иҳәан, иажә́а хыркәшо, ихы сара инсықәикит.
Срыԥхьон сара иаҳа еилыркаап зысгәахәуаз ажәеинраалақәа. Иӡырҩуан зегьы-зегьы еиқәлымҳаха. Џьоукы ргәырӷьа лабжышқәа хаддыла илеиуан, даҽа џьоукых, анаџьалбеит, инымҵәандаз ҳәа акәын рхы-рҿы лашақәа ирықәубаауазгьы…
– Ҳара аԥсуа бызшәа ариаҟара ихааны, иԥшӡаны ихәмаруеит ҳәа ҳаҟамызт! – иҳәеит аҵыхәтәаны, аубых Џьаавеҭ Арслан даасыдгыланы. «Аубых?» – иџьасшьеит сара, аха рыцҳарас иҟалаз уи ибызшәа издырӡомызт. Аиԥылара хыркәшаны, ҳамҩа ианацаҳҵа, алымҩанык ҳахьаауаз схы иааҭымҵӡо сзызхәыцуаз ани аубых цынҵәарах иакәын».
Иҵабыргыхаҭаны, баша ирҳәом адунеи аҿы иҟамлац егьыҟам ҳәа… Жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны афиналтә хәаԥшрақәа рҟнынӡа инеиз, алахәцәа зегьы рахьтә иалкаау 30-ҩык ирхыԥхьаӡалахаз, жә-жәашықәсак рнаҩс Қьериман Ебжьноуԥҳа лышьҭа зырхаз аублаақәа раҳәшьаԥҳа Џьерен Арслан илԥеиԥшызааит аԥхьаҟагьы аԥсҭазаараҿы аманшәалареи аихьӡарақәеи..

Ахра Анқәаб

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me