«Атәылахьчара аминистрра иазԥхьагәанаҭаз аҽазыҟаҵарақәа ирыцҵоуп. Иахьа ара иҟоуп ақалақь ахадацәа, аминистррақәеи аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа, амчратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарра анапхгаҩцәеи аимадара рыбжьаҵаразы», – иҳәеит Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, аибашьра аныҟала ар ирышьаҭаны ишыҟало арратә зыҟаҵара иахысуа агәыԥқәеи арезервистцәеи.
«Ҳара ибзиаӡаны еилаҳкаауеит аибашьра аныҟала ҳар шьагәыҭс ироуа арезервистцәеи иахьа аҽазыҟаҵара иахысуа архәҭақәеи шракәу. Сынтәа зымҽхак ҭбаау аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаагеит, урҭ рхы рыладырхәит арезервистцәа рацәаҩны. Абри аҩыза арратә акзаара ауп атәылахьчара арӷәӷәара алзыршо», – ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Ахада.
Гәынба инаҵшьны иҳәеит амчратә усбарҭақәеи атәылахьчара аминистрреи арезервтә ҟәшақәеи русеицура арӷәӷәара аҵак ду шамоу.


