V-VI ашәышықәсақәа ирыҵанакуа анышәаԥшь иалху аҳаԥшьақәа (амфорақәа). Ҳәарада, ари аиуа аԥшаахқәа рҵакы дууп Аԥсны аҭоурыхҭҵааҩцәа ирымоу адыррақәа рышьақәырӷәӷәареи рхарҭәаареи рзы. Ари аиуа ахҭысқәа рахь азҿлымҳара аадырԥшуеит зҭоурыхи зыжәлари бзиа избо зегьы. Апрактика анапхгаҩы ААУ аҭоурыхтә факультет адекан Алик Николаи-иԥа Габелиа далацәажәеит апрактика мыругала аиқәыршәареи, аԥшаарақәа реиҿкаареи шымҩаԥысуази, уи алҵшәақәеи.
«Ҳара ҳфакультет аҿы ес-шықәса апрактика ишахәҭоу еиԥш еиҿкаауп. Аҵаратә усԥҟа излаарбоу ала, ауниверситет апрактика амҩаԥгараз ианаамҭоу, иахәҭоу аԥара аунажьуеит. Хымԥада, уи аҳәынҭқарратә ҳарџь ала уадаҩрада еиқәҳаршәоит аԥшаарақәа рзы зыда ԥсыхәа амам амыругақәа зегьы.
Апрактика ахьымҩаԥаҳго аҭоурыхтә ҵак ду змоу Аҟәатәи абааш аҵакыраҿоуп. Ари аҭыԥ атәы зҳәо ахыҵхырҭақәа даара ирацәоуп иазгәасҭарц сҭаху. 200 шықәса ҵуеит Аҟәатәи абааҿы аусурақәа мҩаԥысуеижьҭеи, аха абааш аҵакыра акыр идууп аҟнытә инагӡаны иҭҵаам. Ҳара иаҳдыруа ахыҵхырҭақәа изларҳәо ала, араҟа иҟазароуп еиуеиԥшым артефактқәа, азқьышықәсақәа раԥхьа араҟа ицоз аусқәа аазырԥшуа, ауаа шынхоз, рнапы злакыз уҳәа ирацәаны. Уаанӡатәи ажрақәа раан иԥшаан Аԥсны аҳҭны-қалақь Аҟәа аҭоурыхи антикатә епоха инаркны XIX ашәышықәса анҵәамҭанӡеи ртәы зҳәо еиуеиԥшым аҭоурыхтә маҭәарқәа. Ишыжәбо еиԥш, ари аҭыԥ апрактикатә база аҳасабала изалҳхызгьы убри ауп, иамоу археологиатә ҿыгҳарақәа рацәоуп. Апрактика хықәкыс иамоу еиуеиԥшым аԥшаахқәа рыла акультуратә ҿыгҳарақәа рыҭҵаара ауп».
Иуҳәар ауеит, астудентцәа апрактика гәахәарыла ирыдыркылоит ҳәа, избан акәзар, аҵараиурҭа аҟны атеориа аҳасабала изхысуа археологиа иазку амаҭәар, араҟа лабҿаба ирбоит, аҭоурыхтә артефактқәа. Аусурақәа ирылагоит ашьыжь амрашыра ӷәӷәахаанӡа.
«Араҟа иаҳԥылозаалакгьы акрызҵазкуа материалқәоуп азы ҳреиҷаҳаны иаҳрыцқьоит, иҳаӡәӡәоит, рсахьа ҭаҳхуеит» - иажәа иациҵоит аҭоурых афакультет адекан. Апрактика ашьҭахь иаҳаԥшаауа рхы иадырхәоит аҵарауаа, археологцәа иарбан аамҭа хҵәахоу иахьаҵанакуа аилкааразы, еиуеиԥшым аҭоурыхтә усурақәа раԥҵараҿы. Урҭ аиҳарак излыху анышәаԥшь ауп. Ҳәарада, урҭ аԥшаахқәа еиуеиԥшым аҭоурыхтә етапқәа рахь иаҵанакуеит. Иарбан аамҭа хҵәахоу изҵанакуа ашьақәыргыларазы араҟа иаҳԥылақәо амаҭәарлыхқәа егьырҭ абаҟақә рҿы иаҳԥшаази еиҿаҳарԥшуеит. Иаҳҳәап, анышәаԥшьлыхқәа антикатә аепохазы рхы иадырхәози XIX ашәышықәсазы рхы иадырхәози еиԥшӡам, уи алагьы ишьықәҳаргылоит аԥшаах ақәра. Зны-зынла ианаҳԥыло ыҟоуп аԥараҿырп. Хымԥада, уи акультура аҿыгҳара, аҭоурых ахронологиа ашьақәыргылараз, даара акраҵанакуеит, уи азы иацхраауеит аԥараҿырпаҿы ианыло ианҭыжьыз ашықәс, иаҳзырбо аамҭас изҵазкуа».
Аҵарауаҩ иажәа иацҵо, иҳәеит:- «Ҳаԥшаарақәа рҿы лассы-лассы иаҳԥылоит амфорақәа, изан акәзар, ажәытәҭоурых аамҭазы, амаҭәахәқәа, насгьы афатә-ажәтә ргара-раагаразы рхы иадырхәон еиуеиԥшым анышәаԥшьлыхқәа. Анышәаԥшьлыхқәа раԥхьа игылоуп уҳәар алшоит амфорақәа, уи хықәкыла иҟарҵон арахь иалааргон арыжәтә, ахәша, ма аҩы уҳәа. Зны-зынла амфора рхы ианадырхәоз ыҟоуп аԥсыжра аҳасабала. Аԥсыжра анаҳҳәа, араҟа иаҳԥылоит амфорақәа, амаалықь ибаҩ зҭаз, даҽакала иаҳҳәозар, ахәыҷқәа рыԥсыжрақәа. Сынтәагьы иаҳԥылеит ари аҩыза амфорак. Араҟа аус ҳуеижьҭеи ԥшьымш роуп иҵуа, аха меигӡарахда ирацәоуп иаҳԥыло амаҭәарқәа. Арҭ амаҭәарқәа зегьы аиҳарак аҭҵаара аганахьалоуп ҳхы ишаҳархәо, аха иаарылукаартә иҟоу амузеи ахь иаҳҭоит. Егьырҭ аҵәахырҭаҿ ишьҭоуп, аҵарауаа рхы иадырхәартә аҭагылазаашьа роуеит.
Иааидкыланы иаҳҳәозар, апрактика ашықәсқәа ирылагӡаны иҟаҵоуп имаҷымкәа акрызҵазкуа археологиатә усмҩаԥгатәқәа, Аԥсны аҭоурых аҭҵаараҿы даараӡа зҵакы дуу. Иҟоуп, хымԥада, аурымцәа, абырзенцәа, аурысцәа рыҟнытә иҳауа адыррақәа Аԥсны иазкны, аха араҟа иаҳԥыло археологиатә баҟақәа иаҳдырбоит Аԥсны жәытә-натә аахысгьы инхоз ажәларқәа ркультура, рыбзазара шыҳаракыз, насгьы урҭ аҳәынҭқарра ашьақәыргыларазы ашьаҿақәа ҟарҵоижьҭеи акыраамҭа шҵуа.
Лана Коф-оглы,
Саида Ҳаразиа