Ҩ-наплакык рԥеиԥш

29 Ԥхынгәы 2024 08:08
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада идҵала, жәларбжьаратәи атранспорттә бжьысырҭа аргылара мҩаԥысуеит Очамчыратәи амшын баӷәазаҿы. Аҳәынҭқарра Ахада мрагыларатәи арегионқәа рахь иныҟәарақәа ирҭагӡаны аргыларатә усурақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ даҭааит.

Ныхоуп, иԥшьоу ҭыԥуп

26 Ԥхынгәы 2024 08:24
Шамиль Апба жәаф шықәса ихыҵуеит. Иара сынтәа ашкол далгеит. Архитектор изанааҭ ала Урыстәыла аҵара дҭаларц игәы иҭоуп. Аха, иара игәы ззыбылуа аус – ажьира, «ахаан икасыжьырц сыҟам, сыԥсы ахьынӡаҭоу саҿызаауеит» ҳәа ҳаиҳәеит ҳаиҿцәажәараан.

«Аԥсаатә шкәакәа»

26 Ԥхынгәы 2024 07:48
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иҟанаҵаз ахаҵгыларала Аԥсныҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аҟны иҭыҵит иаамҭамкәа зыԥсҭазаара иалҵыз аԥҳәызба Диана Гәымба лышәҟәы «Аԥсаатә шкәакәа». Ааигәа уи аӡыргара мҩаԥысит аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me