Иун 9 ашарԥазы излагаз ақәаршыҩ иахҟьаны аӡиас маҷ «Сухумка» шьҭыҵит. Убри аҟнытә Лакоба имҩеи Аиҳабыратә хыбрақәа ахьыҟоу амшын аԥшаҳәа ахәҭаҟны аҳәынҵәа ықәнагалеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аԥсны Арбитражтә усӡбарҭа ахантәаҩы Фатима Кәыҵниа алахуп XXVII Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум. Уи мҩаԥысуеит Санкт-Петербургтәи Аконгресс-цәыргақәҵатә центр «Експофорум» аҟны ииун 5 инаркны 8 азынӡа.
Аԥсуаа жәаԥҟаны ирҳәоит уҽыззыукуа аҽузнакуеит ҳәа. Уи знаало аҭагылазаашьақәа рацәоуп, аха еснагь ҵакыс иамоу акоуп-иагьа иуадаҩзаргьы, хықәкыла узызнеиз, уҽыззукыз аус уқәманшәалахоит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me