Лаҵара 18, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аибашьреи ацәыӡреи

31 Ажьырныҳәа 2024
Ианвар 28 рзы Р. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ имҩаҧысит Ҭенгиз Џьопуа исценариала иҭыху зметраж кьаҿу афильм «Агәаартра» апремиера. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи 30 шықәса аҵра инамаданы иҭыхын афильм. Уи азкуп аибашьраҿы аби ани 15 шықәса зхыҵуа рыҷкәынзаҵә, абџьар шьҭыхны еибашьра заб иццаз иҭахара.
2023 ш. ноиабр 24 рзы Аҧсны Ахада инапы зҵаиҩыз Адҵа инақәыршәаны Аҳәынҭқарратә комиссиа аҧҵоуп Аҧсны жәлар рпоет Д.И. Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵреи агазеҭ «Аҧсны» аҧҵоижьҭеи 105 ш. аҵреи ирызкны аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа реиҿкааразы.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа инеиҵыхыз аилацәажәара мҩаԥигеит Аиҳабыра иалоу, араионқәа рхадарақәа реиҳабацәа, Жәлар Реизара адепутатцәа, алархәны – иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.Аиԥылара аартуа, атәыла Ахада иаликааит 2024 шықәсазы амчра амахәҭақәа зегьы русура ахырхарҭа хадақәа. Урҭ еиқәышәшәа русура иахьыԥшуп Аԥсны атәылауаа рыԥсҭазаара аҩаӡара ахаҭабзиара.

Адныҳәалара

30 Ажьырныҳәа 2024
Аԥсны Аҳәынҭқарра аамҭала акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр Аԥсны жәлар рартист Сергеи Семион-иԥа Габниа ииубилеи идылныҳәалеит:
2023 шықәса декабр 16 азы Урыстәыла Аиҳабыра ақәҵара ҭрыжьит. Уи инақәыршәаны аилахәыра «Роснефт» заҵәык азин аҭан Аԥсныҟа анефт аалыҵқәа раашьҭра.Февраль азынӡа цәынха-мынхақәак абылтәы змоу «Подорожники» «Роснефт-Аԥсни» аалхны, Аԥсны абылтәыҭаҭәарҭақәа рҟны абылтәы аҭира аанкылоуп ианвар 1 инаркны, – арадио Спутник иеиҭаз аинтервиу аҟны абас иҳәеит Аԥсны Абылтәы ассоциациа апрезидент Артур Ашәба.Уи иажәақәа рыла, Аԥснытәи аилахәырақәа рбылтәыҭаҭәарҭақәа рҟны аҭагылазаашьа лахьеиқәҵагоуп, избанзар иҟаз…
Ацәыргақәҵарҭатә зал хада ахыбраҿы абылра иацәынхаз аҭыхымҭақәа еилдыргоит Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистр Ольга Лиубимова лнапынҵала Урыстәылантәи иааз аиҭашьақәыргылаҩцәа ргәыԥ. Аделегациа напхгара алҭоит Урыстәыла акультура Аминистрра амузеиқәеи адәныҟатәи аимадарақәеи Рдепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Наталиа Чечель.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Гәдоуҭа араион актив дыдирдырит араион Ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс иҟаҵоу Рауль Лолуа. Аибардырра рхы аладырхәт Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иусбарҭа Аиҳабы Абесалом Кәарҷиа.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me