Амилаҭ-хақәиҭтәратә қәԥара. Ихаршҭтәым ахҭысқәа

Абахә иаҿыбгаз ахаҳә ду какәкәа хланҵы ишҭало аиԥш, адунеи ацәа иҭазырӡыӡоз Асовет Еидгыла ахыбгалара иаҿын. Ари асистема ҳзеиқәырхозар ҳәа аҵыргәақәа аҵадыргылон, аха ахьанҭара рзычҳауамызт, лабыҵәҵас еилаԥыҵәҵәон.

Аԥсуаа зыргәамҵуаз иазкны зныкымкәа-ҩынтәымкәа ашәҟәқәа ззырышьҭхьаз, аха иахамыҵгылоз Михаил Горбачов, Акоммунисттә партиа амаӡаныҟәгаҩ хада, иаԥшьигаз аиҭакра (перестроика) республикақәак, уаанӡагьы аҿыҵра зхы иҭагьежьуаз, Қырҭтәыла аԥхьа инаргыланы, рымҩа ҟьаҟьаӡа аатра иаҿын. Сталини Бериеи уи аҩыҵра иҵадыртәаз Аԥсны Аахыҵ-Уаԥстәылеи хьаас изкыдаз, изгәалашәодаз?!
Қарҭ еиҿыркаауа иалагеит ҵҩа змам анеформалтә еиҿкаарақәа, урҭ ирҿыгақәаз рыла Аԥсны дырҭәит, иааҟәымҵӡакәа, амшын агаҿа рымҽхакны амитингқәа мҩаԥыргон. Бираҟны ирхашәыршәыруа инархадыргылт абарҭ ажәақәа: «Қырҭтәыла – ақырҭқәа рзы».
Ҳажәлар Аԥсны апартиа анапхгара рҟнытә усгьы дгыларак, цхыраарак иазыԥшымызт. Изызхәыцшаз, мҩак иқәызҵашаз, зҳәатәы иазыӡырҩышаз, еидызкылашаз еиҿкаарак аԥҵатәын. Ус егьыҟалеит, иагьеиҿкаан аԥсуа жәлар баагәараҵас изхәаԥшуаз, хыхьчагасгьы, аамҭа уадаҩ аан мҩақәҵагасгьы ирзыҟалаз, ҳҭоурых аҿы аҭыԥ ду аанызкылаз «Аидгылара». Уи ажәа закәанын, ахыԥара ҟаломызт.
Даҽа чымазара бааԥсык ҵысит Аԥсны. Аратәи ақырҭцәа рыбла ҭырхаха изхәаԥшуаз, зҳәатәы иацныҟәоз қарҭаа рыҵаҳәарала: аҵараиурҭақәа, аусҳәарҭақәа, аусбарҭақәа милаҭла реиҿыҵра. Аӡәык-ҩыџьак аԥсуа зларшәыз аусҳәарҭақәа рҟны аҭагылазаашьа иаҳагьы иҵархеит. Аусура иаҟәымҵыр ада ԥсыхәа рмоуа иааҭагылт. Урҭқәа зегьы ухы иқәукрын, аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара, ес-жәашықәса имҩаԥыргоз, иабзоураны 1970-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы иаартыз Аԥсуа университет ақырҭқәа факультетқәа ҳаҿыҵроуп ҳәа азҵаара шьҭырымхызҭгьы. Аԥсуа рхы ақәҵа, рыԥсы ақәҵа иаадыртыз ауниверситет еиҩыҵәҵәа, еихыҵәҵәа аҟаҵара иақәыркит, ҳахьӡ зхыз ауниверситет аҩнуҵҟа аҵара раҭәарымшьеит. Абригьы џьара закәанԥшрак аҭаразы Қарҭынтәи, аминистр ихаҭыԥуаҩык инапы аҵаҩны, қьаад бӷьыцк ԥырны, Аԥсны анапхгара раԥхьа инықәлеит Қарҭтәи аҳәынҭуниверситет афилиал Аԥсны иаартызааит ҳәа.

1989 шықәса ииуль 15-16 рзы Аҟәа ақалақьи Аԥсны егьырҭ араионқәеи рҟны ақырҭцәеи аԥсуааи реидысларақәа ыҟан. Ари зыхҟьаз Аԥсны ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа ахьыҵархаз ауп. Хықәкылаҵәҟьа иуҳәозар, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет афилиал Аҟәа иаартызааит ҳәа Қарҭаа ирыдыркылаз аӡбамҭа акәын. Қырҭтәыла аекстремистцәа рхадацәа З.К.Гамсахәырдиеи М.И.Коставеи уҳәа егьырҭгьы «Қырҭтәыла-ақырҭцәа рзы» ҳәа алозунг шьҭыхны еиҿыркаауаз аус хәымгақәа зызкыҵәҟьаз Аԥсны аҭагылазаашьа ашьақәҟьара акәын.
Аҟәа, В.И.Ленин ихьӡ зхыхз ашҭаҿы ииуль 15 азы афилиал аартра еиԥырҟьарц азы лада-ҩада аԥсуаа еизеит. Аекстремистцәа рыгәҭакы ҵакыс иамаҵәҟьаз Аԥсны иҵегьы ақырҭқәа рахаԥара, иреиҳау аҵараиурҭа астудентцәеи арҵаҩцәеи ҳәа Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа аргама ақырҭцәа раагара акәын.
Ажәлар еимпуамызт, зда царҭа амам аибарххара аҟынӡа инеит ииуль 16 ауха: Аҟәа, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны ақырҭцәеи аԥсуааи напышьашәала, бџьаршьҭыхла еиҿагылеит. Иҭахеит 17-ҩык, 448-ҩык ахәрақәа роуит (убасҟан аофициалтә дырраҭарақәа рыла урҭ ра­хьтә 11-ҩык ақырҭцәа, 5-ҩык аԥсуаа, 1 бырзенк). Бџьаршьҭыхла аидысларақәа ҟалеит иара убас Очамчыра араион Аалӡга аӡиас ахықәан. Уаҟа аԥсуаа ацҳа уаҩы дзықәымсуа иҟарҵеит, ақырҭуа неформалцәа-ашовинистцәа ирыцхраарц азы Аҟәаҟа еихоз зықьҩыла аекстремистцәа аурмышьҭит.
Убасҟан ашьа каҭәеит, аха аибашьраҵәҟьа аанкылара алдыршеит СССР анапхгара рганахьала ирыдыркылаз аусмҩаԥгатәқәа – И.В.Шаталин инапхгарала СССР аҩнуҵҟатәи архәҭақәа ралагалара иабзоураны.
Аусҭҵаарақәа мҩаԥнагон Қырҭтәыла апрокуратура, аԥсуаа рус аӡбара ҳаӷацәа рнапаҿы иҟалеит. Абас еиԥш иҟаз аҭагылазаашьақәа раан аусҭҵаарақәа ииашаны рымҩаԥгара лацәажәашьас иамоузеи. Абарҭ ахҭысқәа ирылахәыз аԥсуаа аӡәырҩы шьауӷала ирышьклаԥшуа иалагеит, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иахьалахәыз азы ССР Реидгыла аӡбарҭақәа ишьаҭаркымкәа рус рыӡбеит.
Иахьа лабҿаба уаҩы ибоит абарҭ ахҭысқәа ирымаз аҭоу­рыхтә ҵакы. Урҭ Нхыҵ-Кавкази Аԥсни рыжәларқәа еидыркылеит, еиладырҵәеит. Аиаша иашьҭыз амчқәа рхеидкыларазы аусура иаҳагьы идырцыхцыхит: 1989 шықәса август 25-26 рзы Аҟәа имҩаԥысит Кавказ ашьхаруа жәларқәа Рассамблеиа I аизара ду, абжьы ӷәӷәаны иго иалагеит Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара».
Иазгәаҭатәу убри ауп, Аԥсны Жәлар Реизара ҩажәижәаба шықәса инареиҳаны изхыҵуа ахҭысқәа ирылахәыз ҳауаажәлар аганахь ирцәымгылеит. 2013 шықәса октиабр азы аполитикатә ҵаҵӷәқәа рыла 1989 шықәсазы зус рыӡбаз ауаа рыриашара аганахьала аӡбамҭа рыдыркылеит, иара убас изыхәҭоу арҽеирақәа алагалан «Аполитикатә репрессиақәа ирымпыҵахәхаз рыриашаразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me