Зхаҵарашәа ҿырԥшыгоу

Иҳаҩсхьоуи иҟалашеи еиҟәыҭхашьа рымам. Ажәлар ражәа баша иаламзар акәхап, зҭоурых зхашҭыз ԥеиԥш имам ҳәа зыхшыҩҵак ҵаулоу аҳәахьагьы.

Ҳажәлар ианакәызаалак ҳаҭыр рзақәын аҭоурых, ҳазхылҵшьҭроу рдоуҳа иаҟәырҷахоу агәалашәарақәагьы уи иахәҭа хадоуп. Ауаҩы ԥхьаҟатәи иԥеиԥш иҳдырра ианыԥшуазарц ииасхьоу аамҭақәа ргәалашәара имырӡуазароуп, урҭ рахьтә алкаақәа ҟаҵаны идунеиеилкаара шьақәиргылаларц.

Аамҭа ацәқәырԥақәа егьа ибааԥсӡазаргьы, ахааназы ирызмырӡыҭуа ахаҭарақәа рылиаауан аԥсуаа ажәытәӡа аахысгьы. Урҭ Аԥсны иазгылон уи ахьӡ-аԥша еиздырҳаларц, ианаҭаххозгьы рхы-рыԥсы иеигӡаӡомызт ахақәиҭра азаагаразы. Убарҭ дыруаӡәкын иаҳхысыз ашәышықәса 90-тәи ашықәсқәа раан ашьапылампылтә клуб Аҟәатәи «Динамо» аԥызас (акапитан) иҟаз Даур Мирон-иԥа Ахвледиани.

Даур Ахвледиани диит 1964 ш. ииуль 10 рзы Гагра ақалақь аҟны. 16 шықәса анихыҵуаз инаркны ашьапылампыл дыхәмаруан Гагратәи «Динамо» аҟны. Аамҭақәак рнаҩс, иҟыбаҩ азгәаҭаны диаган Қәҭешьтәи «Торпедо» ашҟа.

1983-1992 шықәсқәа рзы инеиԥынкыланы акәымзаргьы Аҟәатәи «Динамо» аҟны дыхәмаруан. 1992 ш. алагамҭа инаркны Шәачатәи ашьапылампылтә клуб «Жемчужина» ахь диасит, 1993 ш. рзы – Елистатәи «Уралан» ашҟа.

Даур Ахвледиани далукаауан ихәмарра амҩаԥгашьа ҷыда ала, уи илшон икоманда зегьы рыхәмарра дагәыцә хаданы аҟазаара. Ашьапылампылтә дәы аҟны гәрагарала ихы мҩаԥигон, аҭагылазаашьа «уадаҩқәа», икомандазы ишәарҭамхартә еиҿкаарыла ииашаны имҩақәиҵон. Дахьыхәмаруазаалак иҩызцәа рҟны иаҳаҭыр ҳаракын.

Аԥсны аибашьра ианалага, уи анҭыҵ дшыҟазгьы, дызлаз аклуб аҟны ахәмарҩцәа хадақәа дшыруаӡәкызгьы, лассы-лассы аибашьра ацәаҳәахьы днеиуан, ахырӷәӷәарҭа аҭабиақәа рҿы иуалԥшьа наигӡон. Аԥсадгьыл ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәыларақәа шамахамзар зегьы дрылахәын. Урҭ руак аан, аҳҭнықалақь Аҟәа аҭарцәра мшқәак шагыз, фырхаҵарыла дҭахеит.

Иҩызцәа аибашьцәа ражәақәа рыла, Даур иеиԥш еилҟьа-еилӷәыцәыз, зхы пату ақәызҵоз, аҩызцәа рзы зыԥсы иамеигӡоз арԥарцәа хыԥхьаӡарала ус ирацәаҩгәышьам, еиҳаракгьы ҳазну аамҭазы, аԥсҭазаараҿы даҽа еилкаарақәак ԥыжәара анраҳҭо, ҳдунеихәаԥшреи ҳахдырреи ирыхҟьо ҭагылазаашьақәак зҭакҟаҵара ҳцәыуадаҩхо азҵаара  «Избан абас?» ҳәа, лассы-лассы ҳҿаԥхьа ианцәырырго.

Данҭаха ашьҭахь Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала ихҵан «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа  ахьӡ ҳаракы. Убасгьы, ихьӡ анаӡаӡатәразы, есышықәса ашьапылампыл азы ақәыԥшцәа Жәларбжьаратәи ртурнир «Даур Ахвледиани Ихраҿа» ахьымҩаԥысуа Гагратәи астадион ихьӡ ахҵоуп.

Сынтәа уи диижьҭеи 60 ш. аҵара ахьӡала, имшира аҽны араҟа аиҩызаратә еиԥылара мҩаԥыргеит Аԥснытәи Шәачатәи ашьапылампыл аветеранцәа. Уаҟа 3:0 ҳәа аԥшәмацәа аԥыжәара ааныркылеит. Урҭ реилазаараҿы иҟан Даур Ахвледиани аамҭаказы дызцыхәмаруаз, зыхьӡ хара инаҩхьоу ашьапылампыласҩцәа – Роман Ҳагба, Ҭамаз Еныкь, Џьума Кәарацхьелиа, Роберт Бостанџьиан реиԥш, урҭ ирышьҭанеиуаз абиԥарақәа рхаҭарнакцәагьы: Беслан Гәыблиа, Вадим Ҳагәышь, Алеқсеи Бондаренко, Руслан Лабиа, Џьанкаҭ Чқәа, Роман Цкәуа, Анри Ҳагба, Ҭарашь Ҳагба, Ахра Елисенко, Рауф Ԥсардиа, Руслан Трапизониан, Артур Лавлински, Енри Гәбаз.

«Ихраҿа» аҽаԥсатәразы еиндаҭлон 10 шықәса зхыҵуа, Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра, Ԥицунда рҟнытә ашьапылампыласҩцәа хәыҷқәа. Актәи аҭыԥ ааныркылеит Гагратәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спортшкол акоманда, аҩбатәи – академиа «Гәдоуҭа» ахәмарҩцәа, ахԥатәи ашьапылампылтә академиа «Unity» ааӡамҭацәа.

Ауаҩы дыргәалашәаноҵы ижәлар рҭоурых аҿы дыҟазаауеит.

Збаҩхатәреи зфырхаҵареи еицнагоу аҵеицәа хашҭра рықәым бзанаҵы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me