Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Иахьа 50 шықәса ихыҵра азгәеиҭоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, "Кәыдры ахақәиҭтәрази" "Аиааирази" амедалқәа занашьоу, агазеҭ "Аԥсны" аредактор хада Анқәаб Ахра Владимир-иԥа.
Диит 1974 шықәсазы ԥхынгәымза 20 рзы Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭан.
1981-1991 шш. рзы аҵара иҵон В.П.Анқәаб ихьӡ зху Хәаԥтәи абжьаратә школ аҟны. 1991-1997 шш. рзы аҵара иҵон Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны афилологиатә факультет "Аԥсуа бызшәеи алитературеи" рзанааҭ ала.
1995-2006 шш. рзы аус иуан Хәаԥтәи абжьаратә школ аҟны рҵаҩыс, акласснҭыҵтәи ааӡаратә ус аиҿкааҩыс, анаҩсгьы ашкол аиҳабыс.
2006-2012 шш. рзы Н.А.Лакоба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аԥсуа школ аномер 1, Ф.Ч.Аҩӡба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратә школ аномер 3 рҟны аус иуан рҵаҩыс иара убас акласснҭыҵтәи ааӡаратә ус аиҿкааҩыс.
2009-2022 шш. рзы В. П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа литература акабинет анапхгаҩы, ААУ аԥсуа литература акафедра арҵаҩы еиҳабы.
2022 ш. цәыббрамза инаркны ААУ В.П.Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-адыга афилологиа ацентр аиҳабы.
2009 шықәса инаркны алитература-арҿиаратә хеидкыла "Ацәыкәбар" анапхгаҩы.
Аҿар рлитературатә-сахьаркыратә журнал "Аԥсынгьари" аредактор хада.
2023 ш. инаркны иахьа уажәраанӡа аус иуеит жәларык рҿахәы зҳәо агазеҭ "Аԥсны" редактор хадас.
Ахра Владимир-иԥа, ишәылшахьоу шмаҷымгьы шәыуаажәлар рзы,анаҩсгьы агазеҭ "Аԥсны" аусзуҩцәа зегьы ҳахьӡала ишәзеиӷьаҳшьоит аихьӡара дуқәа, зегьы ирыцку агәабзиара, ашықәс рацәа ацны!