Абҵарамза 8, 2023 шықәсазы Ҟрым, Ленин ихьӡ зху араион аҿы имҩаҧысит алахьеиқәҵаратә усмҩаҧгатә, уи 1941-1945 шықәсқәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз афырхаҵа, Аҧсны аҵеи Ризабеи Хьыбба иҧсыбаҩ иҧсадгьыл ахь адәықәҵара иазкын.
Амшын еиқәа жәларбжьаратәи амш азгәаҭара ахьӡала абҵарамза аҧхьатәи амшқәа рзы Шәача ақалақь аҿы имҩаҧысит IХ-тәи аурыс-аҧсуа хәыҷтәы екологиатә форум «Ҩ-ҳәынҭқаррак мшынк аҿықәан» - ҳәа хьӡыс измаз.
2003 шықәсазы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аушьҭымҭацәа Альбина Едик-иҧҳа Ҕәынџьиеи Фатима Гиви-ҧҳа Адлеибеи рхатәгәаҧхарала Галҟа ицеит. Уаҟа усҟантәи аамҭазы аҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы рхы мшаҭо рҵаҩцәас аусура иалагеит.
Абазашҭа инхо Ҟарачы-Черқессктәи Ареспублика зҽаҧсазтәыз артист Хачуков Магомет Азамаҭ-иҧа диит ноиабр 4, 1953 шықәсазы Ҟарачы-Черқесск ақыҭа Ԥсыж.
Инна Аҳашба лпоезиа иақәнагоу ажәа аҳәара уадаҩуп, уи аӡәгьы дилаҩашьаӡом, аҧхьанатә аахыс лхатә ҳәашьа мҧсахӡакәа, есымшааирагьы лҽырҵауло, ганрацәала лҽырҭбаауа дааиуан.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me