Жьҭаарамза 31 инаркны абҵарамза 4 рҟынӡа имҩаԥысуан XVII ареспубликатә арра-спорттә хәмарра «Аиааира». Ишьақәгылаз атрадициала уи атәылахьчара Аминистрра артиллериатә база аҿы имҩаԥысуан.
Гәында Кәыҵниа-ҧҳа еиҳабыс дызмоу аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҧсны Аҳәынҭқарратә усбарҭа аусзуҩцәа еснагь аҧсуа бызшәа аҿиареи, аӡыргареи, уи рыларҵәареи хықәкыс ирыман, хаҭала, русура аҕьыракгьы ахәыҷқәа абызшәа радҧхьалара иазкын.
Едуард Бебиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Шьараҭын» ахәыҷтәы ахореографиатә акәашаратә студиа «Иааирума» Санкт-Петербург имҩаҧысуаз XX-тәи Жәларбжьаратәи Аконкурс-Фестиваль «Ҳәаада» аҟны Гран-при иаиааит.
Аԥсуа бызшәа аҵара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа, иҿыцу аметодикақәеи абызшәа аҵара ирласу акурсқәа русуреи, уҳәа ртәы дазааҭгылеит Аԥсныпресс акорреспондент дзыҿцәажәаз аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниа.

«Кавказ Афырхацәа»

09 Абҵара 2023 13:34
Жьҭаарамза алагамҭазы Туган Мальсагов ихьӡ зху Ингәыштәи Атәылаҿацәҭҵааратә музеи аҟны иаартын Урыстәылатәи асахьаҭыхҩы ELENA KIRMIZI NAR жәафтәи хаҭалатәи лцәыргақәҵа «Кавказ Афырхацәа».

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me