Шәача ақалақь аҟны Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи Урыстәыла иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Краснодартәи атәылаҿацә Аусбарҭа Хадеи рнапхгараҭара, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раԥыхреи, агәҽанызаара рыҭареи азҵаарақәа рыла аҳәаа иаԥну аусеицуразы реилацәажәара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апрессмаҵзура.