Риҵа аӡиаҿы

27 Жәабран 2023 12:06
Февраль 17 азы ихыр­кәшахеит Риҵатәи Амилаҭтә парк иахьа­ҵанакуа ашьха ҭыԥқәа рҟны асыԥса аҿыбгарақәа раԥырҟәҟәаареи аиқәырхаратә усурақәеи рымҩаԥгаразы Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра акоманда–штабтә ҽазыҟаҵарақәа. Урҭ ирылахәын Аминистрра хаҭалатәи аилазаара 50-ҩык рҟынӡа, иара убас 15 цыра атехника ҷыда.

Тамшь ақыҭан

27 Жәабран 2023 12:05
Очамчыра араион Тамшь ақыҭан имҩаԥысит Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМЫШ-VILLAGE –2023». Уи азкын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еиба­шьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵра. Афестиваль иалахәын Аԥсны араионқәа, Алада Урыстәыла, Ареспублика Ҭаҭарсҭан рҟнытәи 13 шықәса зхыҵуа рҟынӡа аспортсменцәа қәыԥшцәа 60-ҩык.
Февраль 15 азы 55 шықәса ихыҵра азгәеиҭеит ашьапылампыл азы СССР аспорт азҟазарахь акандидат, Асовет Еидгыла аҿар еизгоу ркоманда, Аҟәатәи, Қарҭтәи «Динамо» ахәмарҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Саид Заур-иԥа Ҭарба. Уи иԥсҭазаара еиҳарак азикит иалиԥшааз аус амаҵ аура, аԥсуа шьапылампыл иреиӷьу атрадициақәа реиқәырхара, уи ахьӡ-аԥша аихаҳара. Зыҟаҵаҩк иаҳасабала иусура ашықәсқәа раан, уи иааӡеит иаԥсаҵәҟьоу ашьапылампыласҩцәа рабиԥара. Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы Саид…
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me