Аслан

Аслан

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа раан иигаз аиааира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала, иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа! Милаҭрацәала еилоу Аԥсны жәлари хаҭала сара сыхьӡалеи Урыстәыла ауаажәлар рыхдырра аҩаӡара ҳаракы, адемократиатә принципқәа риааира  адунеи ҩаԥхьа иазырбаз  аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҿы Шәара аԥыжәара ду шәыманы ижәгаз аиааира шәыдысныҳәаларц сҭахуп.    

Шәара ижәгаз аиааира – ари Урыстәыла мацара аиааира акәӡам, ари иҿыцу, ииашоу  адунеиеиҿкаара ашьақәыргылараҿы Шәара шәылшамҭақәа жәларбжьаратәи разхаҵара зырҵабыргуа адунеитә уаажәларра риааира ауп. Агәра згоит, Шәара шәнапхгарала Урыстәыла аҿаԥхьа иқәыргылоу ахықәкқәа рынагӡара ишацҵахо, иҷыдоу арратә операциаҿы аиааира агарагьы уахь иналаҵаны.  

Аԥсны жәлар еицҿакны Шәара шәкандидатура адгылара арҭеит, уи ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара иаҳзеиԥшу аҭоурыхтә, адоуҳатә, акультуратә малқәа рыла ишьаҭарку ԥгара зқәым аиҩызаратәи аусеицуратәи аизыҟазаашьақәа шьақәнарӷәӷәоит.    

 Владимир Владимир-иԥа! Шәара аԥхьа шәнаргыланы, Урыстәыла ажәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит ахирра, анасыԥ, аизҳазыӷьара, аҭынчра, аманшәалара».

Ашаеҵәа иадыркылоз

Хәажәкыр 19, 2024

Абаҩхатәра злаз иналукааша аԥсуа поет Иуа Коӷониа диижьҭеи 120 шықәса ҵит. Абри арыцхә иазкны уи данииз амш – март 13 рзы аиубилеитә хәылԥазы мҩаԥыргеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотекеи.
Ахәылԥаз ахь имҩахыҵит ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, акультуреи, аҟазареи, аҵареи русзуҩцәа, зиубилеи азгәарҭоз иҭынхацәа, иара убас астудентцәа, ашколхәыҷқәа, апоет ирҿиамҭақәа бзиа избо аӡәырҩы.

Жәларык рцынҵәарах

Хәажәкыр 19, 2024

«...Избан, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы изакәызаалак иҳахәаша акы ҟамҵаӡакәа аамҭа баша изцо. Имаҷума иахьа аԥсуа ҿар ҳҿаԥхьа ишьҭоу аусқәа, ҳара ҳамч зықәхаша, инаҳагӡаша. Иахьа адемократиатә аамҭа аан ҳара иҳалшароуп аиаша аҳәара ацәымшәара, ҳмилаҭ зегьынџьара аиаша рдыруазароуп. Иахьа изызҳауа аҿар уаҵәтәи Аԥсадгьыл аԥеиԥш лаша роуп. Дарбанзаалак аԥсуа, апатриот цәанырра злоу, аԥсуа милаҭ рхьаа иаргьы ихьаазароуп. Иазхазааит ҽырба патриотра, аишәа аҿы ажәа ԥшӡақәа рҳәара. Иаамҭоуп хдыррала апрактика ҟазшьа змоу апатриотизм ахь аиасра».
Сергеи Ҳамыҭ,
(Агазеҭ «Аԥснытәи ауниверситет»,
1988 ш. цәыббра 23),

Март 17 азы имшира азгәеиҭеит аҵарауаҩ-алингвист, аполитикатә усзуҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, Г.Ӡиӡариа ихьы зху апремиа алоуриат, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа асатәи рминистр, Аԥсны Ахада иҟны иҟоу астатегиатә ҭҵаарақәа Рцентр анапхгаҩы Виачеслав Чрыгба.

68 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут аиҳабы Заур Шьалашьаа.

Заур Иван-иԥа Шьалашьаа диит 1957 ш. февраль 28 азы Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан. 1974 шықәсазы далгеит Ҷлоутәи абжьаратә школ. Уи даналга аҵара иҵон Аҟәатәи аиндустриатә техникум аҟны.

Ишдыру еиҧш, еиҧш Урыстәылатәи Ахада Владимир Владимир-иԥа Путин Урыстәыла Ахадас иеиҭалхра Аҧсны имҩаҧысуан март 17 азы. Зынӡаск Аҧсны  араионқәеи ақалақьқәеи рҟны иаартын алхырҭатә ҭыҧқәа 30.

Игәыҭшьаагахаз амш

Хәажәкыр 15, 2024

Ишдыру еиҧш, март 15-16  Аҧсны жәлар  рзы игәыҭшьаагоу мшқәоуп. 31 шықәса раҧхьа, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ишьаарҵәырахаз ажәылара хашҭшьа амам.

 Март 15  аҽны есышықәса ишыҟарҵало еиҧш, иҭахаз аҷкәынцәа анышә иахьамадоу Аҟәа, «Ахьӡ-Аҧша» апарк аҟны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит: Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа,Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб,Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аҧсны Ашәарҭадара Ахеилак аиҳабы Сергеи Шамба, Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа, Аҧсны Аиҳабыра, ауаажәларра, аҿар.

Марттәи ажәылара

Хәажәкыр 15, 2024

Марттәи ажәылара 31 шықәса ахыҵит. 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан аҧсуа ар рзы зегь реиҳа итрагедиахаз, зегь реиҳа ишьаарҵәырахаз, аха убриаан зегь реиҳа ифырхаҵаратәыз жәыларан.

1993 шықәса март 15 азы аԥсуа еибашьҩцәа Гәымсҭа аӡиас ирны, Аҟәа азааигәара ахәы ҳаракырақәа  рнапаҿы иааргеит. Амотохысратә архәҭақәа  Гәымсҭа аладахьҟалагьы, аҩадахьалагьы ирыр акәын, нас жәҩанахьтә амшын аҟнытә ацхыраара рыманы  аӷа раԥхьатәи ихырӷәӷәарҭақәа цҟьаны,  Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иацырҵар акәын. Аха ауха иаԥшьгаз ажәылара қәҿиара амаиуит.

Ишьаарҵәыраз аидысларақәа рышьҭахь,  март  17-18 рзы ҳархәҭақәа шьҭахьҟа имгьежьыр ада ԥсыхәа рмоуит. Аветеранцәа изларҳәо ала, Аҟәа ахақәиҭтәра иазкыз марттәи ажәылара   зегьраасҭа иуадаҩхеит, иҭахеит ҳаибашьцәа  222-ҩык, шәҩыла ахәрақәа роуит, 23-ҩык  хабарда ибжьаӡит.

Марттәи ажәылара акырӡа зҵазкуа  етапны иҟалеит ақырҭуа мпыҵахаларатә архәҭақәа ҵыхәаԥҵәала реилаԥыххааразы, Ҳаԥсадгьыл рықәцаразы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me