Урыстәылантәи астол гьежь аусура ихы алаирхәит асоциалтә процессқәа рышьклаԥшреи анализ рзуреи рзы Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Иусбарҭа аиҳабы Александр Харичев.
Арратә зыҟаҵарақәа напхгара риҭоит Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба.
Аартра ацеремониа иалахәуп Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, аҵара аминистр Хана Гәынба, Жәлар Реизара адепутатцәа, Гәазаа рҭаацәара.
Аминистрцәа Реилазаара абнатә фонд адгьылқәа егьырҭ акатегориақәа рахь риагараан абнанхамҩатә усура ацәыӡқәа рышьақәыргыларазы ақәҵара аиҭакрақәа аланагалеит.
Аҳәынҭқарра Ахада, Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада Гәынба уахь ицны инеит: атәылахьчара аминистр Влалимир Ануа, Арбџьармчқәа рыштаб Хада анапхгаҩы Владимир Савченко, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа.
Аԥсны иреиҵаӡоу ауалафахәы 20 000 мааҭ ыҟазароуп ҳәа ишьақәыргылан Аминистрцәа Реилазаараҿы.
Аԥыза-министр Владимир Делба аилацәажәара мҩаԥигеит Аԥсны амармалташьтә бты алаҵәара апроблема иазкны. Аилацәажәара иалахәыз уи аҿагыларазы аусмҩаԥгатәқәа ирылацәажәеит.
Амармалташьтә бты Амшын Еиқәа аҿықә иаԥну атәылақәа рҿы ицәырҵит аа-шықәса раԥхьа. Иара рбеит Новороссиски Шәачеи иахьрыҵаркуагьы. Ауаа рзы шәарҭара аҵам.
Арт-пленер аҳәаақәа ирҭагӡаны ААУ имҩаԥысуеит арҵаҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи еидызкылаз аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Атрадициақәеи иахьатәи аамҭеит».
Аилатәара аартуа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Бадра Гәынба иҳәеит: