– Аибашьра иаҳнаҭаз, иаҳзаанагаз агәырҩа даара иаҳныԥшит, ҳашҭа шәахсҭа дуны иазынхеит. Ҳаби ҳани Даур данҭаха нахыс рхы шьҭыхны ажәҩан иаҵамԥшит. Урҭ агәырҩа риааит. Ҳара Гәыԥ ақыҭан ҳанхон, иахьагьы уаҟа ҳанхоит. Аха аибашьра иалагаанӡа Даур Гәдоуҭа аусура далагахьан. Уи аҩызцәа рацәаҩны иман. Исгәалашәоит, ҳаҷкәынцәа Нхыҵ Уаԥстәылаҟа цхыраара ианцоз, иара Гәдоуҭантә ицоз дрыцны дцеит. Ҳара уахь дышцаз ҳаздырӡомызт. Мызкы еиҳаны аҩныҟа данымаа, ҳани ҳаби иҟалаз рзеилкаауамызт. Усҟан ҳаб Гәдоуҭа дааит, аха дахьыҟаҵәҟьаз иарымҳәеит. Командировка ҳасабла џьара дыҟазшәа, иаҳәаны аҩныҟа даарышьҭит. Уаантә ианыхынҳә, Даур иҩыза Хьиба Славик дицны аҩны дааит. Даур арратә форма ишәын, абџьаргьы иман.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага Даур Гәдоуҭа даанхеит. Аԥхьатәи амш инаркны иара изааигәаз, иҩызцәа дрылагыланы еибашьра дцеит. Иҭаацәа ихабар рыздырӡомызт. Еимадарас ирымаз асалам шәҟәқәа ракәын. Даур иааишьҭуаз асалам шәҟәқәа рҿы иҭаацәа гәыҵхас ишимаз иҩуан. Зегьы дразҵаауан, Аиааира шыҟало агәра ҳиргон. – Сара скәаԥӡа сыҟоуп, шәысцәымшәан, –ҳәа иҩуан.
Сарсаниа Даур Зоурҟан-иԥа Гәымсҭатәи ахырхарҭаҿы дшеибашьуаз иҩызцәа рыла акәын иҭаацәа ишраҳауаз. Даур ихабар рзымдыруеижьҭеи акыр ҵуан, зегьы рылаԥш агәашәахь ихан. Гәдоуҭантәи иаараны иҟаз аверталиот иазыԥшын. Аха уаантә асалам шәҟәы ҳәа акгьы мааӡеит. Ашьҭахь агәылацәа Даур иаб иарҳәеит: – Уҽырӷәӷәа, уҷкәын Даур Гәымсҭат́әи ахырхарҭаҿы хаҵала дҭахеит ҳәа.
– Усҟантәи ҳҭагылазаашьа, - лҳәеит иаҳәшьа Сарсаниа Лиулиа, – салацәажәар сҭахӡам. Уи аиҭаҳәара даара ихьанҭоуп. Даур аӡәы иеиԥшымыз, зегьы рзы ихәыцуаз уаҩын. Иара гәыла-ԥсыла зыԥсадгьыл зҭахыз, иазхәыцуаз хаҵан. Аԥсны аибашьра иалагаанӡа, – аԥсуааи ақырҭцәеи 1978, 1989-тәи ашықәсқәа раан реиҿагыларақәа дрылахәын. Ихатәгәаԥхарала аԥсуа милаҭтә аруаа дыруаӡәкхеит. Егры аҳәаа ахьчараҿы ианаҭахыз, иахьаҭахыз иҭыԥ иԥшаауан.
Сарсаниа Зоурҟани Аҩӡба-Сарсаниа Еҭерии ԥшьҩык ахшаара рхылҵит. Ашколқәа ианалга зегьы иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ирҭалан иалгеит. Занааҭла зегьы рҵаҩцәан. Игәырӷьахәӡа, зхы иақәныҳәаны инхоз ҭаацәаран.
– Аибашьраан, – лҳәеит Лиулиа, – ҳшҭа ашәахсҭа ианылаз 33 шықәса шҵуагьы, ҳаҽҳзамымхит, ҳзазымиааит. Даур бзиа иибоз, иԥсҭазаара змеидашаз аҭыԥҳа далиххьан. Дигараны дыҟан. Иара данҭаха лхатәы ԥсҭазаара лхы иалымҭеит. Санылзымхәыцуа ыҟаӡам. Уи аԥсуареи абзиабареи дзырхымԥеит. Иахьагьы уи ҳашьа ицәа лхаабаауеит. Ҳара лара ҳлызхәыцны, аԥсҭазаара лхы ишԥалымҭари ҳәа иԥхьаӡаны, маҷк ҳаҽҳархареит. Аха уигьы акгьы иамыхәеит. Иахьагьы лгәы здылҳәалаз, фырхаҵала иҭахаз Даур дшизыԥшыц дизыԥшуп. Ҳаргьы ҳашьа илымкаа аԥсҭазаара аиҵыҵра ҳҽаҳамҭеит, – лҳәеит Лиулиа Сарсаниа.
– Даур, – лҳәеит Лиулиа, – данҭаха, гәыблыла дызҭаауаз, иашьак иеиԥш бзиа иибоз, Бамбора аҳаблаҿы инхоз Аҩӡба Дима иҭаацәараҿы анышә дамардеит. Араҟа Даур иқә-иҵас зегьы ҟарҵеит. Ҳара ҳашьа иҭахара шхьаагаз, ишҳадаҳкылаз еиԥш ауп Дима иҭаацәагьы ишрыдыркылаз.
Сарсаниа Даур Зорҟан-иԥа 1960 шықәса, абҵарамза 24 рзы Гәыԥ ақыҭан диит. 1967-1977 шш. рзы Гәыԥтәи абжьаратә школ аҟны аҵара иҵон. 1978-1982ш.ш. рзы ́ААУ дҭан, афилологиатә факультет қәҿиарала далгеит. Уи ашьҭахь Мурманск арра дахысуан. Даныхынҳә амилаҭтә-политикатә қәԥара агәҭаҿы дгылан.
– Даур, – иҳәеит Леон иорден занашьоу Џьергьениа Мирод, – аибашьра ианалага аҽны ҳаицын. Иареи сареи ҳаибадыруеижьҭеи акыр ҵуан. Уи аҽны, ҳхатә уск азы Кәаӡба Валери, Сарсаниа Даур, сара Гәдоуҭатәи администрациаҿы ҳнеит. Абра Арӡынба Дмитри Грышьа-иԥа аибашьра ишалагаз ҳаиҳәеит. Ҳахҩык иаразнак ҳаицәажәеит, абџьар иҳамоу ааганы ҳаиқәшәарц. Даур их-атәы абџьар иман. Иара иҟазшьа зегьы иаадыруан, амилаҭтә гвардиаҿы имшәареи иӷәӷәареи ааирԥшхьан. Даур узықәгәыӷшаз арԥысын. Иԥсы ахьынӡаҭаз Гәымсҭатәи ахырхарҭаҿы ԥшыхәроума, жәылароума, акаҿы ихы ԥхьеимкит.
Сарсаниа Даур аԥхьатәи амш инаркны дызлаз агәыԥ Гәдоуҭа ақалақь, Гәдоу аӡнырцә инхоз аибашьцәа ргәыԥ акәын. Усҟан уи «Замостианскаа» ҳәа ирышьҭан. Раԥхьа Дармаа Витали командирс дыҟан, нас Начач Владимир. Даур зегьы дырҩызан, драшьан. Аха, изааигәаз, зҿы дыҟаз, имаӡа здыруаз, иашьак еиԥш дзықәгәыӷуаз Аҩӡба Дима иакәын. – Даур, – иҳәеит аибашьҩы, Леон иорден занашьаз (аибашьра ашьҭахь иԥсҭазаара далҵит) – иахьагьы сыбла ихгылоу, лассы-лассы сзызхәыцуа, еснагь зыбжьи зылаԥшхааи сыцу еибашьҩуп. Ҳаиҩызара даара иҭбаан. Еишьцәак реиԥш ҳаизыҟан. Аԥшыхәраҿ иааирԥшуаз аӷәӷәара, алҵшәа дуқәа ҳнаҭеит. Уи раԥхьатәи амшқәа рзы Уазабаанӡа дцаны, игәыԥи иареи аӷацәа рҿынтә маӡалатәи иԥшыхәраҿы имаҷымкәан аилкаанҵақәа ааигон. Хыҵәахышьа, хеигӡашьа издырӡомызт. Ибжьы, иныҟәашьа, ицәажәашьа, иччаԥшь, илакҭа ахаан сыла ихымҵуа хаҿсахьазаауеит.
Аԥсны Афырхаҵа Начач Владимир аибашьраҿы иҭахаз, иара командирс дахьынӡаҟаз аибашьцәа ирызкны ииҩыз, С.П.Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынқарратә музеи еиҭаз маҷӡам. Уи абас иҩуеит: Ажьырныҳәа мзазы иҟаз ажәылара иалахәыз Сарсаниа Даур агәымшәара дуӡӡа ааирԥшит. Зыӡбахә ҳәоу ажәылараан Даур агранатршәга икын. Ҳара Гәымсҭа аҩадатәи ацҳала ҳарит. Кемпинг аҟынӡа ҳнеит. Ҳамчқәа ҳазхомызт. Иҳашьҭаланы иаараны иҟаз ҳҩызцәа аӷа рымҩа ҿахиҵәеит… Ԥшьсааҭк инарызынаԥшуа кемпинг ҳнапаҿы иҟан. Ашьыжь аӷацәа ртанкқәа ҳажәлеит. Ахьаҵра уадаҩхеит, хыхьтә артиллериагьы хысуан. Ацҳала хынҳәышьа ҳамамызт.
Даур игранатаршәгала атанк ҭаирхеит. Усҟан асы илеиз рыцхрааит. Нас ахәлара рҽалак илбааит. Иҭахаз рыԥсыбаҩқәа зегьы рзаамгаӡеит. Усҟан Даур ихаҵара аибашьцәа аиҳараҩык рыԥсқәа ҿнахит. Даур ҿымҭӡақәа зыдҵа назыгӡоз, имԥсӡо ахаҿсахьа аԥызҵаз еибашьҩуп ҳәа.
–Хәажәкыратәи ажәылараҿы, – игәалаиршәон Аҩӡба Дима, – Сарсаниа Даур ахәра ӷәӷәо иоуит. Ҳара ҳаицәыхҟьеит. Ҳаибашьцәа ахьаҵра ианалага, дышхәыз збоз иҿаҳәара иалагеит. Уи аамҭазы даҽа хык иқәшәеит. Гәымсҭа нырцә иҟаз аҳәара уадаҩуп. Даур амч иман, убас ӷәӷәала дышхәызгьы, ихала Гәымысҭа дырит. Шәазхәыц, усҟан аӡиас Гәымсҭа аҵаулареи аҭбаареи заҟараз. Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь дааргеит, дцәажәон. Ачеиқәаҵәа ҩ-сак даҳәеит, аха афаха дахьымӡеит. Ашьа рацәаны ицәцахьан…
– Усҟан, хәажәкыратәи ажәылараҿы иҭахаз, сара саб иашьа иԥа Аҩӡба Даури иареи рыԥсыбаҩқәа еицааргеит.
Рҩыџьегь ҳҭаацәаратә нышәынҭрақәа ахьыҟоу анышә иамадан.
– Сарсаниа Даур, – иҳәеит аибашьҩы Ҭраԥшь Данил, – Аҟәа абара дахгәаҟуан. Уи даара хара ихәыцуаз, имшәоз, зҩызцәа зыгәра ргоз, изықәгәыӷуаз уаҩын. Ахы дагоит ҳәа ихахьгьы иааигомызт. Хәажәкыратәи ажәылараҿы иеибашьышьа, ибжьы ӷәӷәа слымҳа иҭыҩуеит. Уи ихахьчара иҭахымхеит. Дыхәны дшыҟазгьы, ҳаӷацәа зҭатәаз аҭабиақәа ҭирцәажәааит. Даур иҟамзаара егьаџьара иаҳнубаалоит. Уи деибашьҩыҵәҟьан…
Сарсаниа Даур Заурҟан-иԥа идҳәалаз игәалашәарақәеи афырхаҵарақәеи иҩызцәа рылацәажәон. Дызгәҭылак еибашьра ицаз, иҭоурыхқәа зҳәоз, уи иҭахара иацыз ахьаа ду акыраамҭа еиҭарҳәон. Даур иӡбахә зҳәозаалак, ицәырзгозаалак, ихааӡа рхәыцрақәа еиҭарҳәон, далыркаауан. Даур Зоурҟан-иԥа ихьӡ иадҳәалаз агәалашәарақәа уртәыртәуан, ухьадырԥшуан иара дахьиз, иахьизҳаз, бзиа иибоз иқыҭа гәакьа Гәыԥҟа.
– Даур, – лҳәеит иаҳәшьа Лиулиа, – иара дзылгаз Гәыԥтәи абжьаратә школ 1996 шықәсазы ихьӡ ахырҵеит. Уи ашкол напхгаҩыс ҳаҳәшьа Манана дамоуп, ҳашьа Џьумбер ари ашколаҿы рҵаҩыс аус иуеит.
Сарсаниа Зоурҟан ихылҵыз рымчи, рдырреи аҿар рааӡара иазыркит. Даур инысымҩа аҳәара зцәыуадаҩыз, аха уи ифырхаҵара аӷәӷәара знаҭаз иаҳәшьа Лиулиа аҿар рааӡараҿы лылшарақәа дууп. Ахааназ ҿыцәаара зқәым ахьаа Даур Сарсаниа дыздыруаз, знык иадамхаргьы дзыҿцәажәахьаз, дызбахьаз наӡаӡа ргәаҵаҿы дыҟазаауеит. Зыԥсҭазаарақәа зыԥсадгьыл иақәҵаны еиқәзырхаз, зегьы фырхацәоуп. Афырхацәа рыхьӡқәа ԥсра рықәымкәан аҭоурых иазынхоит.
Сарсаниа Даур Заурҟан-иԥа ихҵоуп ахьӡ ҳаракы – Аԥсны Афырхаҵа..
Гугуца Џьыкырба


