Аицлабра алҵшәақәа рыла, актәи аҭыԥ ааныркылеит абиологиеи абиомедицинеи рфакультет акоманда, аҩбатәи – афилологиатә факультет, ахԥатәи аҭыԥ еиҩыршеит аекономикатә факультети агеографиеи атуризми рфакультети.
Ари аицлабра Аԥсны аинтеллектуалтә хәмаррақәа Рфестиваль аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз аусмҩаԥгатәқәа ирыхәҭакуп. Уаанӡа аҽазыҟаҵаратә хәмаррақәа мҩаԥган Гагреи Пицундеи рышколқәа рҿы. Хара имгакәа имҩаԥгахо амастер-классқәеи ахәмаррақәеи егьырҭ ақалақьқәагьы рымҽхаркуеит.
Апроект «Аԥсны аинтеллектуалтә хәмаррақәа рфестиваль» , агранттә еицлабра «Аԥснытәи арҿиаҩцәа» аҿы аиааира агеит, уи анагӡара алыршахеит урыстәылатәи Ахада игрантқәа Рфонд ацхыраарала. Апрограмма хықәкыс иамоуп амастер-классқәеи алекциақәеи рымҩаԥгара, аҿар аинтеллектуалтә форматқәа рахь рхьарԥшра, рхәыцра арҭбаара, агәыԥ аҿы аусеицура рылааӡара.
Атурнир еиҿыркааит аԥыза қәыԥшцәа рыклуб «ДЮНА» ахаҭарнакцәа.


