Лаҵара 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image
Аслан

Аслан

Аҿар ираамҭоуп

Лаҵара 15, 2024

Руслан Амҷба аҵара иҵоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет ахԥатәи акурс аҿы. Иара дсахьаҭыхҩуп, дрызҿлымҳауп аграфикеи аҿыханҵеи.

Иааит ашколхәыҷқәа ззыԥшыз аамҭа. Шьоукы рзы аԥсшьара мшқәа ираамҭоуп, аушьҭымҭацәа рзы иагьгәырӷьароуп, иагьлахьеиқәҵароуп рышколқәеи рырҵаҩцәеи ахьаанрыжьуа.

Маи 14 – иналукааӡаша аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥ­хьатәи Ахада, аҵарауаҩ-мрагылараҭҵааҩ ду Влади­слав Григори-иԥа Арӡынба имшира ауп. Иԥсы ҭазҭгьы, иахьа ихыҵуан 79 шықәса.

Еицырдыруа аԥсуа хореограф Кандид Ҭарба иахьа иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 80 шықәса.  Аԥсны жәлар рартист, "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ" шықәсы рацәала напхгаҩыс иҟаз Кандид Ҭарас-иԥа Ҭарба диит 1944 шықәса, маи13 рзы Очамчыра араион Мықә ақыҭан.      Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы еицырдыруаз ахореограф, асцена зырцәажәоз акәашаҩ иԥсҭазаара зегьы азикит аԥсуа культура. Кандид Ҭарба иԥсеиԥш бзиа иибоз изанааҭ ашҟа имаз абаҩхатәра ихьӡ наунагӡа иааннажьит акәашара аҭоурых аҟны.   Кандид Ҭарба иԥсҭазаара далҵит 2016 шықәса, маи 1 азы.

Зыхьӡ еицамкуа аҟаза ду Кандид Ҭарба изку анҵамҭа шәаԥхьарц шәылшоит агазеҭ "Аԥсны" анаҩстәи аномерқәа   руак аҟны.

Амшцәгьа иахҟьаны Очамчыра араион аҿы аҧхасҭа ҕәҕәа зауз ақыҭақәа Кәтоли Џьгьардеи дырҭааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Аҧсабаратә рыцҳара зынхамҩа ааха знаҭаз анхацәа аҳәынҭқарра аҟынтә ацхыраара роуеит, - иҳәеит Аслан Бжьаниа анхацәа рҧылараан. Иара убасгьы Аҧсны Ахада Кындыҕ ақыҭан аӡы амҩа ахьыҵнаӡәӡәааз дахәаҧшит. Аӡхыҵра ахҟьа аҧырҟәҟәааразы изыхәҭоу аусбарҭақәа адҵа риҭеит.

Амшцәгьа иахҟьаны Очамчыра араион аҿы аӡиас Дӷамшь иаԥну ақыҭақәа Џгьарда, Ӷәада, Кәтол рынхацәа аԥхасҭа рнаҭеит. Зҳәаақәа ирҭыҵыз аӡыиас анхарҭа ҭыԥқәа ирыҵалеит, аԥстәи аԥсаатәи ааха ӷәӷәа роуит. Шаҟа нхарҭа ҭыԥ аӡы рыҵалаз макьана аҳәара уадаҩуп. Аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟлаз аҭыԥ ахь инеит араион анапхгара.

Иналукааша аԥсуа шәҟыҩҩы ду, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, Аԥсны жәлар рпоет, Ҟабарда-Балкариеи Адыгеиеи Ареспубликақәа рҿы жәлар рышәҟәыҩҩы Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба иахьа имшира ауп. Убри инамаданы, апоет анышә дахьамадоу иҳаҭгәын аҟны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц, дыргәаладыршәарц уахь инеит Аԥсны ауаажәларратә усзуҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, ашколхәыҷқәа.         

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба диит 1917 шықәса, маи 12 рзы Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан. 

Баграт Шьынқәба ирҿиаратәи иуаажәларратәи усура азы ианашьоуп аорденқәеи амедалқәеи жәпакы, ихҵоуп иреиҳаӡоу аҳаҭыртә хьӡқәа. Апоет иԥсҭазаара далҵит 2004 шықәсазы, 87 шықәса дшырҭагылаз. Анышә дамадоуп Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа.

Маринтәи атеатр аиҳабы – асахьаркыратә напхгаҩы Валери Гергиев иааԥхьарала Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә хортә капелла рхы аладырхәуеит Москватәи Амшаԥтә фестиваль. Афестиваль мҩаԥысуеит мшаԥымза 25 инаркны лаҵарамза 16-нӡа. Уи иалахәхоит, иара убас, Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟнытә аколлективқәа.

Нарҭаа ирызку аԥсуа фырхаҵаратә епос зегьы еидызкыло жәа-томк зҵазкуа аҭҵаарадырратә, академиатә ҭыжьымҭа аа-томк аҭирҭақәа рахь инагоуп.
Анапаҿы аиура иазҿлымҳаз аԥсуаа рнарҭтә епос аизга аархәарц рылшоит Аҟәа ақалақь ашәҟәыҭиирҭақәа рҟны, иара убасгьы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы еиҿкаау Академшәҟәы аҟны.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду Аиааира 79 шықәса ахыҵра инамаданы, иахьа маи 9 рзы Аԥсны аҳҭны-қалақь Аҟәа Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан  ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц азы уахь инеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, аекономика аминистр Кристина Озган, ауаажәларратә усзуҩцәа, аҿар, ашколхәыҷқәа.     

Аныҳәатә митинг аҟны ажәахә зманы иқәгылаз Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба иазгәеиҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны аиааира агараҿы Аԥсны аҵеицәа зегьы рыгәҭа ишгылоу.       Амитинг аҟны иара убасгьы иқәгылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны Афырхаҵа Закан Нанба, аԥсуа телехәаԥшра анапхгаҩы Ирина Агрба уҳәа аӡәырҩы.  Аныҳәа амҩаԥгараҿы иҟан иара убас даҽа хҭыск. 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәыз аԥырҩы, Аԥсны Афырхаҵа Қьаазым Агрба ибаҟа аадыртит. Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа акыр занашьоу Қьаазым Агрба дҭахеит Румыниа.      Аиааира амш иазкыз аныҳәатә митинг хыркәшан арратә парад ала. Апарад иалахәан "Ԥсра зқәым аполк".

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me