Жанна д,Арк илышьашәалоу

«Аамҭа ауп зегь раасҭа злымҳа ҵару» ҳәа лыҩуеит акрыздыруа, акры збахьоу ашәуа (абаза) ҵарауаҩ Муминаҭ Гонова. Даара иџьаушьаша уаҩуп лара.

ХХ-тәи ашәышықәсазы аԥсуааи ашәуааи рмилаҭтә хақәиҭратә қәԥара ашьаҭыркыҩцәа дыруаӡәкуп. Муминаҭ Гонова сара раԥхьа дызбеит Аԥсны аибашьраан, аԥсуа-­абаза Конгресс раԥхьатәи аизара ду аҟны. Уи мҩаԥысуан 1992 шықәса октиабр 7-8 рзы Лыхны акыҭан.
Абраҟа Муминаҭ Гонова дықәгылеит, агәы зызҭаз игәы ҭнашьаартә, икәадаз дарӷәӷәартә. Арратә корреспондент иаҳасабала иқәгылоз ражәахәқәа рҭыхреи рҭаҩреи иаҿыз сара, Муминаҭ Гонова лцәажәара сархыџ-хыџит, сеилнашьааит, сыгәгьы архаҵеит. Убысҟан, 33 шықәса раԥхьа сыхгьы иасҭеит адҵа, «Аиааира ҳганы ҳҟалар, абри абаза ҭыԥҳа дыԥшааны афильм лзыскуеит» ҳәа. Абар, лара 80 шықәса лхыҵра аламҭалазы саргьы сажәа насыгӡеит, афильм ҭыхны ааигәа аӡыргарагьы мҩаԥызгеит Череқьесски Аҟәеи.
Муминаҭ Гонова – дыпрофессоруп, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп, акыҭанхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи рзы Урыстәылатәи академиа иафилиалу Нхыҵ-Кавказтәи аинститут аҭҵааҩы еиҳабыс дыҟоуп, Урысҭәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп, Аԥсны анаукақәа ракадемиа ҳаҭыр зқәу лахәылоуп, акыр амонграфиақәеи анаукатә статиақәеи дравторуп.
Аха иалкаан иазгәаҭатәуп, Муминаҭ Гонова луаажәларратә ус. Уи дашьаҭаркҩуп ашәуа жәлар рассоциациа «Аԥсадгьыл» («Родина»). Аԥсуа-абаза Конгресс актәи аизара Ду аҟны Муминаҭ Сулҭан-иԥҳа далхын Тарас Мирон-иԥа Шамба ихаҭыԥуаҩыс. Уи араҟа аус луан 1992 шықәса ианркны 2013 шықәсанӡа. Лара дреиуан Т.М.Шамба ицхырааҩцәа, идгылаҩцәа. Аԥс­уа-ашәуа хылҵшьҭрақәа ахьынхоз адунеи акәакьқәа зегьы рҟны еицны инеиит, ирацәажәеит, рыԥсадгьыл иазхьадырԥшит, рыдгьыл ахь ихынҳәырц абжьгарақәа рырҭеит, рхьаа дырҿыцит, рдоуҳамч иацырҵеит. Тараси Муминаҭи еицынаргӡаз апроектқәа маҷӡам. Урҭ иаадырԥшыз алҵшәақәагьы шьардоуп.
Муминаҭ Сулҭан-иԥҳа илзыскыз адокументалтә фильм аҭыхраан сара снеит лара дахьиз, дахьааӡаз Ԥсыж ақыҭа. Иазгәасҭарц сҭахуп, Псыж сара хаҭала акырӡа исзааигәоу қыҭаны ишыҟоу. Араҟа ауп дахьынхо еҳәшьаҵас исыԥхьаӡо абаза журналист, агазеҭ «Абазашҭа» аредактор хада Фардаус Кулова, ари ақыҭаҿ инхоит сыҩнаҭа акырӡа иазааигәоу Арсени Зуридеи Ачбақәа (Ашибоковаа) рҭаацәара.
Араҟа, Ԥсыж ақыҭан март 9, 1946 шықәсазы диит Муминаҭ Гонова. Черқьессктәи амилаҭтә школ даналга ашьҭахь аҵара лҵон Ростовтәи ақыҭанхамҩатә институт аҟны. Уи анаҩс Москва аспирантура далгеит, акандидаттә диссертациа лыхьчеит. Муминаҭ Гонова акыр шықәса инеиԥынкылан еиуеиԥшым иреиҳау аҵараиурҭақәа Черкесск, Пиатигорск рҟны алекциақәа дрыԥхьон, астудентцәа еиҵалааӡон.
Иахьа Ԥсыж ақыҭан инхоит Муминаҭ лашьа гәакьа – Ҳасан иҭаацәеи иареи. Урҭ ҳашрыдыркылаз ҿык-бзык иузарҳәашам. Ҳасан Гонов игәылацәа адигалеит ҳара ҳнеира. Аԥшәмагьы еизазгьы ибзиаӡаны ирыдруеит ашәуааи аԥсуааи шьак-дак еицалҵыз шҳакәу. Урҭ Аԥсны азы даара ргәы былуеит.
Хәҩык ахшара зааӡаз Муминаҭ Гонова лан Ӡаӡуна Балова дҭауад хылҵшьҭран. Уи лыхшара зегьы аҵара рыҭара дазҿлымҳан, илааӡеит аилазаараҿы иалукаартә еиԥш. Ажәла «Гонов» абаза бызшәала анкьа аахыс «Гәана» ҳәа акәын ишырҳәоз. Уажәгьы ирдыруеит уи ашьаҭа «гәы» «гәа» ажәа «агәы» аҟынтә ишаауа. Ажәа «агәы» ҩбаны ҳхы иаҳархәар ҳалшоит: «агәы» (сердце), «агәҭа» (центр). Сара иҟасҵаз аҭҵаара иабзоураны иахьа Гәанаа (Гоноваа) нхоит: Ԥсыж – 4, Тапанҭа – 2, – Инџьықь-ҷкәын – 2 ҭӡы. Гәанаа еиҳа ирацәаны иахьынхо Ҟабарда ауп, «Гәана» ажәла ашьаҭала еиҳа ирзааигәоушәа збоит аԥсуа жәлақәа: «Гунба», «Гумба». Сзыҿцәажәаз Гәана зыжәлоу, иахьа Ҟарачы-Чеқьесск инхо рыжәла ахьынтәаауа атәы инагӡаны ахҳәаа аҭара рцәыцәгьоуп. Абас акәын: ҳара ақырҭуа, агыруа жәлақәа рахь ҳаиаргон, дара аурыс жәлақәа рахь ииаргон. Иахьанӡа ҳрыламӡыҭыкәа ҳахьааиуагьы џьаушьаратәы иҟоуп. Анцәа ҳрыцҳашьа...
Иара убас, ҳара ҳаҭааит Муминаҭ Гонова лаб Сулҭан Хәсин-иԥа Гонов ихьӡ зху Ԥсыжтәи абжьаратә школ. Сулҭан Гонов абаза рккаҩын, бызшәадырҩын. Иара иоуп иаԥызҵаз раԥхьатәи абаза анбан шәҟәы, иара убас 20 инарзынаԥшуа абаза рҵагатә шәҟәқәа дравторуп. Сулҭан Гонов ихьӡ зху Ԥсыжтәи абжьаратә школ арҵаҩцәа ирҳәеит Муминаҭ Гоновеи дареи аиҿцаара бзиа шрымоу, абаза бызшәа аиқәырхаразы еиуеиԥшым апроектқәа шеицымҩаԥырго.
Муминаҭ Гонова лхаҭареи лнысымҩеи еиҳа инарҭбааны аилкааразы сара сзыҿцәажәаз ауаа рацәа рхыԥхьаӡараҿ дыҟоуп адунеи зегьы аҟны еицырдыруа аҵарауаҩ ду, Москва инхо Иури Агирбов (Агрба). Уи иажәақәа рыла исҳәозар – иахьа ашәуа ҳәсақәа ирылкааша лакәны дыҟоуп Муминаҭ Гонова, лара дызлыҵыз аҭаацәа зеиԥшраз ала даҽакалагьы ҟалашьа лымамызт.
Муминаҭ Гонова 80 шықәса лхыҵра лыдныҳәало илзеиӷьаҳшьоит аԥсуа шықәсынҵыра ду! Уи лылша ҳҭоурых аҿы инхоит наӡаӡа!

Екатерина Бебиа,
ажурналист, ААУ апрофессор

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me