Иара еиҿнакааит ауаажәларратә палата. Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр амилаҭтә економика аҟәша аиҳабы Хаҭуна Шаҭиԥа лажәахә аҿы илҳәеит, аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩнуҵҟа ҳқыҭақәа рҿы ииуа рхыԥхьаӡара ҩынтә ишеиҵахаз, аҭаацәара иалало рхыԥхьаӡара 40% рҿы ишаанхаз, еилыҵуа аҭаацәарақәа рхыԥхьаӡара хынтә ишацлаз. Ҳәарада, арҭ ажәақәа угәы рышьҭыртә иҟоуп. Уахь иацаҳҵап ҵыԥх астатистиказы аҳәынҭқарратә еилакы хәышықәса рыҩныҵҟа иизи иԥсызи рхыԥхьаӡарақәа еиҿырԥшны иркьыԥхьыз адыррақәагьы. Уаҟа иаҳбоит знызаҵәык, 2024 шықәса рзы ииз рхыԥхьаӡара еиҳа ишеиҳау иԥсыз реиҳа, иара уигьы жәаҩызаҵәык рыла. Егьырҭ ашықәсқәа зегьы иԥсыз рхыԥхьаӡара еиҳан. 2021 шықәса рзы акәзар, иԥсит 1785-ҩык, иит 1110-ҩык.
Аҵарауаа ари аҭагылазаашьа хшыҩзышьҭра аҭаны ирҳәоит, адемографиа азҵаара аԥсуаа ҳзы иҵарны ишықәгылоу. Дара ргәаанагарала, аҿиара ҟалароуп ақыҭақәа рҿы. Аԥсуаа жәытә-натә аахыс ақыҭақәа ахәышҭаара еиқәырхагас ирымоуп. Аԥсуа иҵас-иқьабз, ибызшәа, ихдырра зегьы уи иадҳәалоуп. Ақыҭақәа аныҟамла, милаҭк аҳасабала адунеи ҳналаӡҩоит. Нас, ишԥаҟоу иахьа аҭагылазаашьа ақыҭақәа рҿы адемографиа аганахьала, ииуама аҭаацәара ҿыцқәа, аҿиаразы ирҭахузеи ҳуааԥсыра? Абарҭқәа реилкааразы ҳамҩа хан Аӡҩыбжьаҟа.
Аӡҩыбжьа Аԥсны ақыҭа дуқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп. Аҭыԥ маншәалоуп, ахәҭак амшын аԥшаҳәа, ахәҭак ашьхара иаԥнуп. Аӡҩыбжьа мраҭашәарахьала аҳәаа Кәыдры аӡиас аҟынтә иалагоит, мрагылара аганахьала – Аҭаранӡа инаӡоит.
Аӡҩыбжьа ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Гоча Лагәлаа иҳаиҭаз аинформациала, иахьазы хышә гектарк иҟоу адгьылқәа рҿы анхарҭатә ҭыԥқәа ԥшьышә рҟынӡа инаӡоит. Инхоит 1817-ҩык. Абраҟа иҳәатәуп, 2011 шықәса рзы Аԥсны ауааԥсыра ашәҟәы рҭаҩраан Аӡҩыбжьа ишынхоз 1072-ҩык. Уаанӡатәи ашықәсқәа ҳаргәылалозар, 1989 шықәса рзы иҟаз аҭаҩраан ақыҭаҿы инхон 3567-ҩык. Иахьа араҟа иҭаҩуп 600-ҩык, иҭаҩым, аха инхоит 230-ҩык. Иҭаҩуп, аха инымхо 120- ҩык ыҟоуп. Инхо еиҳараҩык аибашьра ҟалаанӡагьы иҟаз роуп. Ҿыц анхацәа ыҟоуп, аха урҭ рацәаҩӡам. Аӡҩыбжьа инхо рахьынтә 998-ҩык аԥсуаауп. Аурысцәа 34 -ҩык ыҟоуп, аерманцәа 13-ҩык, 19-ҩык ақырҭцәоуп, 5-ҩык ҭырқәцәоуп, 9-ҩык азербаиџьанцәа, 5-ҩык украина еиуоуп.
Иааизакны аҭагылазаашьа зынӡагьы ишәарҭам уҳәаратәы иҟоуп, аха шықәсык иалагӡаны иԥсызи иизи рхыԥхьаӡара аиҿырԥшра уалагар, асахьа аҽеиҭанакуеит. 2025 шықәса рзы Аӡҩыбжьа иԥсит жәаҩык, ҩыџьа роуп ииз. Егьырҭ ашықәсқәагьы усоуп, иԥсыз еиҳауп ииз раасҭа. Хшыҩзышьҭра зҭатәны иҟоу хыԥхьаӡароуп аҭаацәара иалымлац ахацәа. Ақыҭаҿы иԥхьаӡаны ирымоуп, 60 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рыбжьара 137-ҩык ахацәа аҭаацәарақәа аԥырҵахьеит, 145-ҩык аҭаацәара иаламлац. Аҭагылазаашьа зыхҟьо иазкны Гоча Лагәлаа иҳәоит:
«Аҭаацәара аныҟәгара рылшарым ҳәа ишәоит. Ачароурагьы мариам, уигьы иацәшәо ыҟоуп. Ауадаҩра зхы алазҵар зҭахымгьы дыҟоуп. Хазы ицар зҭаху адгьыл иоур алшоит ара, аха аҩны аргылара уадаҩуп. Абарҭқәа ирыхҟьоит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа. Ииашаӡам аҭаацәара иалалахьои иаламлаци рхыԥхьаӡара анеиҟароу», - ҳәа азгәеиҭоит иара.
Аӡҩыбжьа атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара шәихәҩык рҟынӡа инаӡоит. Бжьаратәла ҭаацәарак аҿы ҩыџьа ахәыҷқәа рааӡоит. Хҩык ахьыҟоу еиҳа еиҵоуп. Ақыҭа зегь аҿы аҭаацәарацәа астатус рымоуп жәаха ҭаацәара.
Ҳәарада, адемографиа азҵаара иахьыԥшуп ауааԥсыра рсоциалтә ҭагылазаашьа, ақыҭаҿы иҟоуп алшарақәа ауаҩы дынхартә-дынҵыртә еиԥш. Араҟа аҳәынҭқарра ахахьы иагозароуп, урҭ реиқәыршәаразы азҵаарақәа.
Амҩаду иацәыхарамкәа игылоуп Аӡҩыбжьатәи абжьаратә школ, ахыбра еиҭарҿыцуп, иубаратәы иҟоуп аҭагылазаашьа шыбзиоу. Араҟа аҵара рҵоит 109 -ҩык аҵаҩцәа. Ашкол аиҳабы Ирина Ԥанҭиа лажәақәа рыла, урҭ рахьынтә 100-ҩык аԥсуаауп, егьырҭ – амилаҭ еилаԥса. Ақыҭаҟынтә 10-ҩык раҟара ақалақьтә школқәа рахь ицало, рҭаацәа уа аус руеит азоуп.
«Ашкол ахь автобус ныҟәоит, ахаҭа аҩнуҵҟа аԥхарра ыҟоуп, аматериалтә-техникатә ҭагылазаашьа бзиоуп. Аибашьра еилгеижьҭеи акласс анааҳмыртыц ҳәа ыҟамызт, аха ашкол ахь иааиуа ахәыҷқәа рацәаҩуп ҳәа узҳәом. Сынтәа актәи акласс ахь иааиз быжьҩык роуп. Ҵыԥх рхыԥхьаӡара 11-ҩык ыҟан. Иреиҳау акласс ҳәа иԥхьаӡоуп 12-14-ҩык ахьтәоу. Зегь реиҳа имаҷу акласс аҿы ф-ҩык роуп иҟоу», - еиҭалҳәоит лара.
Ашкол аҿы ирымоуп азыҟаҵаратә классгьы. Аус ауеит атеатртә кружок, аиқәԥара асекциа. Ахәыҷқәа акласс анҭыҵгьы рхы ззыркша ыҟоуп. Ашкол акадрқәа рыла ихарҭәаауп. Аӡҩыбжьатәи ашкол ахь иаауеит Уарчеи Аҭареи ақыҭақәа рахьтә ахәыҷқәа, ахаҭа аҭыгалызаашьа ахьеиӷьу азы.
Ирина Нури-иԥҳа лажәа иалаҵаны илҳәоит, ақыҭаҿы ишырацәоу аҭаацәара иаламлац, уи гәыҵхас ишрымоу зегьы.
«Ҳҟазшьа, ҳҵас ссирқәа змаҳдо абиԥара ыҟазароуп. Амилаҭ реизҳазыӷьараҿы ҳбызшәа амырӡра азҵаараҿы ари хадароуп. Ари ақыҭа мацара иазыӡбаӡом, адемографиа апроблема аҳәынҭқарратә статус амазароуп. Аԥеиԥш бзиа дақәгәыӷуа дыҟазароуп иахьа аҭаацәара иалало. Иаҭахызар ҟалап аиҳабыратә классқәа рҿы ахәышҭаара амырӡра, аихаҳара, ахәыҷырацәара шаҭаху деилыркаара, уи иацу абзиарақәа ртәы рызнагара. Амилаҭтә хдырра рыхшыҩ аҿы иҟазароуп», - лҳәоит И.Ԥанҭиаԥҳа.
Аибашьра ҟалаанӡа ақыҭаҿы иҟан ахәыҷбаҳча. Иахьа уи аҭыԥ рыцқьоуп, апроектгьы еиқәыршәоуп, ашәҟәы араион ахадарахь ишьҭоуп.
Ақыҭа ахада Дмитри Гәынба иажәақәа рыла, ақыҭақәа Кындыӷ, Тамшь, Аӡҩыбжьа, Аҭара рҟынтә аҭаацәа рыхшара ахәыҷбаҳчақәа рахь иргалароуп Гәылрыԥшь ма Аҟәа. Иҟоуп ацәажәарақәа ари ашықәс иалагӡаны Очамчыра араион аҿы ҩ-хәыҷбаҳчак шьақәдыргылараны иҟоуп ҳәа. Аӡҩыбжьаа ақәгәыӷуеит, руак дара рқыҭаҿы иргылахап ҳәа.
Ахәыҷқәа ашкол ашьҭахь иааины аспорт азы раамҭа ахьырхыргаша аҭыԥ ыҟоуп. Иара ҿыцуп, уажәыгьы аибыҭара иаҿуп. Ақыҭа ахадара Урыстәыла имҩаԥнагоз аицлабраҿы иаиааит агрант. Иара убас, ақыҭа ахадара ашҭаҿ иргылахоит аԥқьаҭ маҷ асырҭақәа, иҟоуп ашьапылампыл асырҭа маҷ.
«Аҿар аспорт рҽазыркыр ҳҭахуп, анаркотикқәа рахь инанамгарцаз», - иҳәоит ақыҭа ахада. Иара убас еиҿыркаарц рҭахуп аҿар аныҳәақәа раан иахьеизаша аклуб. Ари зегьы ааигәа ҿыц иргылаз ақыҭа ахадара ашҭаҿы еиҿкаахоит. Ахадара аусзуҩцәа ааигәоуп арахь ианиасыз, аибашьра еилгеижьҭеи ашкол аҿы иҟан. Ақыҭа ауааԥсыра рымчала иалыршахеит ахыбра ҿыц аргылара.
Ақыҭа еиқәшәоуп амедпункт ала. Иаалырҟьан ацхыраара зҭаху изы дыҟоуп аҳақьым, ахәшәқәа рзы уадаҩра ыҟаӡам, араион аҟынтә иаарышьҭуеит ианаамҭоу.
Ақыҭаҿы иҟоуп жәохә наплакы. Аус руеит ауҭраҭых ахьырааӡо арԥхарҭақәа, иҟоуп атуристтә обиект, иара убас аинерттә маҭәахәқәа ахьыҵырхуа анаплакы. Аусура зҭаху ақыҭа аҩныҵҟа аусурҭа иԥшаартә аҭыгалазаашьа имоуп. Уи адагьы, шьҭа инеиԥынкыланы акыр шықәса аус зуа ақыҭа аҿиаразы апрограмма зҽалазырхәуа маҷым. Есышықәса жәа-ҩык жәохә-ҩык ироуеит ацхыраара. Ацитрус ааӡаразы адгылара зауз маҷҩым, аԥсатәааӡара иалагаз дҟалеит, иара убас ашьамаҟеи аԥсасеи анырҵеит. Еиҳарак ақыҭанхамҩа аалыҵ ҭины ауп рхы шныҟәырго анхацәа. Сынтәа ибзианы ишәҭит амимоза, ахәгьы бзиан.
Ақыҭа нхамҩа апрограмма иабзоураны Аӡҩыбжьа ҿыц адгьылқәа хызтыз ыҟоуп. Уи иаанаго – ақыҭа ахь ахынҳәра рҽазыркуа иалагеит ауп. Ас еиԥш аиҭакрақәа убаратәы иҟоуп арҭ аҩышықәса, иҳәоит ақыҭа ахада Дмитри Гәынба. Аҩнқәа рызгылаӡам, аха адгьылқәа ирықәаарыхырц ргәы иҭоуп.
Ҩынҩажәа арзаҳал алоуп араион ахадарахь. Адгьылқәа аус рыдуларазы азин рырҭаразы урҭ рахьынтә иҟоуп Аӡҩыбжьа иатәу реиԥш, ара инымхақәогьы. Дара аҳәара ҟарҵоит адгьылқәа рырҭарцаз анхара аиҿкааразы, хышықәса ирылагӡаны ианрылымша, адгьылқәа рымххоит, - иҳәоит Дмитри Гәынба.
«Ақыҭа ацхыраара арҭоит, аха уи еиҳагьы еиҳахар алҵшәа ҟалоит, 2024-2025-тәи шықәсқәа ирылагӡаны ҩышәҩык рҟынӡа ақыҭа ауааԥсыра рхыԥхьаӡара иацлеит, уи зыбзоурахазгьы ҿыц нхара ихынҳәыз роуп.
Аӡҩыбжьа иаҵанакуа 300 гектар адгьыл аҟынтә 40 гектар роуп ирцәаӷәо. Уи зыхҟьогьы, ауааԥсыра ианаамҭоу атехника ахьырмоуа ауп.
«Ауаа ақыҭаҿы иаанхарцаз, адгьыл иқәаарыхроуп, техникала еиқәшәазароуп. Амашьына-трактортә станциа ахьыҟоу Очамчыра ааигәам. 27-қыҭа ахьыҟоу араион аҿы ирымоуп хәба-фба трактор. еихьӡаӡом. Ауаҩы карпыжәк ҟаиҵозар, ианаамҭо ицәаӷәароуп. Қыҭацыԥхьаӡа МТС ыҟазар, ауаа рхы иахәоит. Очамчырантәи атрактор ааиаанӡа игьежь хоит, абылтәы нихуеит… аҿыц аԥшьызго, асистемала аус изуӡом. Абри иахҟьаны алаҵара иаҟәыҵыз ыҟоуп», - иҳәоит Дмитри.
Аибашьра ҟалаанӡа Аӡҩыбжьа иҟан агараж. Ақыҭа иамазҭгьы ахатәы тракторқәа ҩба, иазхарын, рҳәоит ҳзыҿцәажәоз. Алшарагьы рымоуп, иақәдыртәогьы дрымоуп.
Анхацәа уадаҩрас ирԥгыло ируакуп аӡымҩангага аҟамзаара. Аҵеиџьқәа змоу ыҟоуп, аха шҭацыԥхьаӡа дара ыҟам, измоу рҟынгьы аӡы аҭабара иалагеит. Ақыҭан аӡыҵхырҭақәа ҟаҵаны аӡқәа наргоит рыҩнаҭақәа рахь, ари аус аганахьала еиҭа иҟарҵаша маҷым.
Ҳәарада, аԥсуа ақыҭақәа жәпакы рҿы иҟоу ауадаҩрақәа еиԥшуп. Амҩақәа, аӡы, афымцатә цәаҳәақәа, адгьыл ақәаарыхразы алшара, еиԥҟьарада аусурҭатә ҭыԥ амазаара – арҭқәа зегь реиҳа гәыҵхас ирымоу ауп анхацәа. Аԥсҭазаара ԥхьаҟа ицоит, ауаҩгьы инхара аус арманшәалара дашьҭоуп, уи азы гәыбӷан узиҭом Ирацәоуп аԥсуаа иҳамоу аныҳәаԥхьыӡқәа – ахәышҭаара, ашьҭамҭа, аҵәҩаншьап амырӡра иадҳәалоу. Аԥсуа қыҭақәа аҿиара раҭәашьазааит.
Альбина Жьиба


