Аҟәа ақалақьтә Еизараҿы ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны есымзатәи асоциалтә шәатәқәа рыҩаӡара ашьҭыхразы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Декабр 2 рзы Никарагәуа аҳҭны-қалақь Манагәуа имҩаԥысит жәлар рқьабзқәа ашықәсҿыцазтәи есышықәсатәи рфестиваль.
Абҵарамза 27-28 рзы иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны Гагра араион иаиуз азарал макьаназы инагӡаны ишьақәыргылаӡам, ҳәа Аԥсныпрес акорреспондент диҿцәажәо, адырра ҟаиҵеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Мирра Хотелашвили-Инал-иԥа 95 шықәса лхыҵра лыдиныҳәалеит.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби иԥылеит Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет аректор Дмитри Беспалов.
XXVIII Урыстәылазегьтәи абокс азы атурнир А – класс «Гран – При Тула» аҟны араӡнытә аԥхьахә даԥсахеит Герман Арџьениа. Аицлабрақәа мҩаԥысуан абҵарамза 21 инаркны 25 – нӡа.
Атрадициатә хәмаргақәа иарбан милаҭзаалак рыҟны афункциа хадақәа нарыгӡоит ахәыҷқәа рааӡареи, аиҳабацәеи дареи реимадареи рҿы.