Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны анапхгареи Дмитри Беспалови реиԥылара

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби иԥылеит Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет аректор Дмитри Беспалов.

Беспалов далацәажәеит ауниверситети аԥсуа гани русеицара атәы. Уи инақәыршәаны 2014 шықәса раахыс аҵарадырратә, аҭҵааратә хырхарҭақәа змоу аусмҩаԥгатәқәа нарыгӡоит.

Урыстәылатәи Афедерациа аҭҵаарадырреи иреиҳау аҵареи Рминистрреи Аԥсны аҵара Аминистрреи рпрограмма инақәыршәаны, рҵарадырра шьҭырхит Аԥснынтәи 2500-ҩык инареиҳаны аспециалистцәа (аҳәынҭмаҵзуҩцәа, аекономикеи аҵареи русзуҩцәа).

Абри инаваргыланы, Аԥснытәи аспециалистцәеи Ставропольтәи ауниверситет ахаҭарнакцәеи аус еицадырулон аҵара аус иазку азакәанпроектқәа. Аганқәа иара убас ирылацәажәеит 2024 шықәсазтәи апроектқәеи аусмҩаԥгатәқәеи.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me