«Аԥшаҳәаҿы иқәыз ахаҳәцәы џьара-џьара иқәнаӡәӡәааит, иара убас амшын ацәқәырԥақәа абетонтә гәараандақәа реиҳарак дырбгеит. Амшын аԥшаҳәа иҿықәнажьлеит даара ирацәаны ахаҳәи аԥслымӡи. Уажәы амаҵзурақәа арыцқьареи агәам-сам ақәгареи ирыдҳәалоу аусурақәа нарыгӡоит», - ҳәа иҳәеит уи.
Иара ишазгәеиҭаз ала, ҭыԥқәак рҿы ахаҳәцәы аиҭашьақәыргылара ауеит, аха уи ахьықәнаӡәӡәааз аҭыԥқәа рҿы иҿыцны ишьҭаҵатәхоит. Аԥшаҳәаҿы ахаҳәцәы ашьҭаҵара хыркәшан рашәарамза, 2023 шықәса рзы. «Ҳақәгәыӷуеит иааиуа атуристтә сезон аҟынӡа ахаҳәцы ақәҵара иазку аусурақәа рӷьырак анагӡара ҳахьӡап ҳәа», - иҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ.
Уажәы Гагра ақалақь ауааԥсыра инагӡаны аӡыржәтә ала реиқәыршәара алыршаӡам, избан акәзар, аӡхагаларатә станциақәа реиҭашьақәыргылара макьаназы ихыркәшаӡам. Афымцамч ала аиқәыршәара акәзар, уи еиҭашьақәыргылоуп.
«Иацы араион агәи аиланхарҭатә ҭыԥқәеи рҿы арыцқьаратә усурақәа мҩаԥысуан. Иахьа ажәытә Гагра иахьаҵанакуа аусурақәа мҩаԥысуеит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Адамыр Ҵышәба. Уи иҟаиҵаз адыррала, ажәытә Гагра иҟоу аколоннада маҷк ада ааха амоуӡеит.