Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсуа қьабзқәа – Никарагуа

Декабр 2 рзы Никарагәуа аҳҭны-қалақь Манагәуа имҩаԥысит жәлар рқьабзқәа ашықәсҿыцазтәи есышықәсатәи рфестиваль.

Уи рхы аладырхәит 42  ҳәынҭқарра. Никарагәуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәагьы афестиваль рҽаладырхәит. Урҭ рыҭӡаҿы аҭааҩцәа ирыдыргалон: ажьаӷь уатка, ақалмышь, аџьанџьыхәа, згьамеи зыфҩы хааи угәаҵа иҭымҵәо аџьыкҵәаҵәа.

Иара убас, аусмҩаԥгатә аҭааҩцәа ирбар рылшон уаҟа ицәыргақәҵаз аԥсуа милаҭтә шәҵатәқәа. Асасцәа даара азҿлымҳара аадырԥшуан Аԥснытәи аҭӡахьы, гәахәара ҳаракыла иазҵаауан Аԥсны аҭааразы мҩақәас иҟоу.

Аԥснытәи аҭӡы  иаҭааит Никарагәуа атәыла Ахада ицҳаражәҳәаҩцәа Камила Ортега, Едмундо Ортега, атуризм аминистр Анаша Кемпбелл, аҿартә политиказы аминистр ихаҭыԥуаҩ Оскар Перес, иара убас  амилаҭтә ассамблеиеи Аԥсны ҩызара азызуа  аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа ргәыԥқәеи маҷҩымкәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me